Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Чамагәуа ахшараиуразы ацхыраагӡатәқәеи анхарҭатә ҭыԥқәеи ирызкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Чамагәуа ахшараиуразы ацхыраагӡатәқәеи анхарҭатә ҭыԥқәеи ирызкны
Анапаҵаҩра
Аминистрцәа реилазаара 2023 шықәсазтәи абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа рбиуџьетқәа шьақәнарӷәӷәахьеит. Арепатриациазы афонд абиуџьеҭ ихадоу ахәҭақәеи, иҿыцу ахырхарҭақәеи ртәы арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит афонд аиҳабы Енвер Чамагәуа.
Сынтәатәи абиуџьеҭ 209 миоллион мааҭ артәеит, ҳаԥхьаҟа 239 рҟныӡа еиҳахап ҳәа ҳақәгәыӷуеит иҳәеит Чамагәуа арадиоефир аҿы.
"Иҟаҵоуп алагалақәа асоциалтә хырхарҭа аганахьала. Адемографиазы иазоужьын сынтәа 50 миллион маааҭ, уи ззырхазгьы аҭаацәараҿы ахԥатәи ахәыҷы иира акәын. Ҳаԥхьаҟа ҳгәы иҭоуп, аҩбатәи ахәыҷы ииразы 50 нызықь мааҭ роура, аԥшьбатәии уи инеиҩс ииуа рзы 10-10 нызықь мааҭ рызшәахоит есымза 10 мзы рыҩнуҵҟа. Ари зегьы аизҳаразы ицхыраагӡахап ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Чамагәуа.
Ҳџьынџьуаа нхарҭа ҭыԥла реиқәыршәара азҵааразы Чамагәуа иҳәеит иаарласны зыргылара иаҿу ҩнык 36 ҭаацәара ишрыҭахо, асиақәа шьақәыргылоуп.
"Маҷара аргыларатә усқәа мҩаԥысуеит. Ари ашықәс нҵәаанӡа иаҳҭахуп 36 ҭаацәара анхарҭатә ҭыԥқәа рыҭара. Уи ашьҭахь, даҽа -ҩнык х-еихагылак змоу ҟаҵахоит, иааиуа ашықәс азы иҩналартә еиԥш аҟаҵара ҳҭахуп. Инхараны иҟоу рсиақәа шьақәырӷәӷәоуп, аха еиҭа 300 ҭаацәара инареиҳаны агәаран иқәгылоуп анхарҭа аиуразы", - иҳәеит Чамагәуа.
Арепатриациазы афонд аиҳабы убри аан иҳәеит, аҭыԥантәи ауааԥсыра анхараҭа ҭыԥла реиқәыршәаразы азҵаарагьы шьышьҭырхуа, ишазхәыцуа. Аиҿцәажәарақәа мҩаԥаҳгоит аиҳабыреи Апарламенти рҿы ҳәа иазгәаиҭеит Чамагәуа. Макьана цәажәароуп, аха хәыҷы-хәыҷла ари азҵаара аӡбара алыршахап ҳәа ҳгәы иаанагоит иҳәеит иара.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0