Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

ДЦП змоу ахәыҷқәа рыхәшәтәразы урыстәылатәи аҳақьымцәа аҟазаратә-классқәа мҩаԥыргоит

© Sputnik / Марианна Кубрава ПК Россотрудничества о "Времени добрых дел"
ПК Россотрудничества о Времени добрых дел - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.11.2022
Анапаҵаҩра
Акциа "Аҳалалра амиссиа" аҳәаақәа ирҭагӡаны агәыҳалалратә форум "Аҳалалратә усқәа раамҭа" мҩаԥысоит Аҟәа абҵара 28 инаркны ԥхынҷкәын 2 рҟынӡа.
АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра еиҿнакаауеит ахәыҷтәы хбаҩлашатә дабла чымазара (ДЦП) змоу ахәыҷқәа рыхәшәтәреи аныҟәара-еиҭаҵратә аппарат (ОДА) ауадаҩрақәа змоу ргәаҭареи амастер-классқәа рзымҩаԥгареи рзы урыстәылатәи ахақьымцәа Аԥсныҟа раара.
Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуеит афорум "Аҳалалратә усқәа раамҭа" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакреи, Агәабзиарахьчара аминистрреи, Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрреи рфинанстә цхыраарала.
Апроект анапхгаҩы Евгени Павлов иажәақәа рыла Аԥсныҟа иаауеит арҵаҩцәа ахәыҷқәа рыцхраара адагьы ашколқәа рырҵаҩцәагьы ацхыраара рырҭарц, иддырбарц еиуеиԥшым абаҩырҵәырақәа, ахәшәтәратәи арзҩыдаратәи амассаж, аԥсыԥлагаҩагаратә гимнастика, ахәмаррақәа уҳәа арҭ ахәыҷқәа ирзыбзиахаша.
Афорум иара убасгьы хықәкыс иамоуп Аԥсны агәабзиара ашьақәыргыларатә центрқәа русзуҩцәа ахәыҷтәы ахбаҩлашатә дабла чымазара змоу ахәыҷқәа аус рыдулашьа дырҵара.
Сухумская набережная  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2022
Аԥсны
Агәабзиара змоу абиԥара: Аԥсны апроект ҿыц аусура иалагоит
Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Саида Делԥҳа иазгәалҭеит ари ахырхарҭа аҵак ду шамоу, Ареспублика агәабзиара ашьақәыргыларатә центр аҿы зныҟәара-еиҭаҵра уадаҩу 242-ҩык ахәыҷқәа шыҟоу, урҭ рҟынтәи 145-ҩык ахәыҷтәы ахбаҩлашатә дабла чымазара шрымоу.
"Иахьазы ианаамҭоу ишьақәыргылам ари ачымазара ахәыҷқәа рыԥсҭазаара ауадаҩрақәа азаанагоит. Убри азы агәабзиара ашьақәыргылараз ианаамҭоу ацхыраара аиура, ирласны ахәшәтәра актуалра рыҵоуп. Ҳара апрограмма активла ҳалахәзаауеит", - лҳәеит лара.
Делԥҳа илҳәеит 2023 шықәсазы арҭ ахәыҷқәа хәшәла реиқәыршәараз аминистрра ишазԥхьагәанаҭо хәыда-ԥсада ацхыраара апрограмма.
"Хықәкылатәи программа макьана ишьақәырӷәӷәам, аха сгәы иаанагоит аминистрра ишаднагалаз аиԥш ирыдыркылап ҳәа, избанзар ари ахәыҷқәа, амилаҭ ргәабзиароуп, астратегиатә зҵаароуп", - лҳәеит лара.
Павлов иажәақәа рыла афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны аҟазауаа имҩаԥыргоит аҟазаратә-классқәа, аҭҵаарақәа апрофильтә центрқәа рҟазауааи аспорттә ҵара змоу ашколқәа рырҵаҩцәеи рзы.
"Сара сзы иреиҳау лҵшәоуп ахәаҷы игәабзиара аиӷьхара. Уи иаразнак изалыршахом, форумкгьы иазыӡбом, аха ҳара абри ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны аӡәык-ҩыџьак ҳрыцхрааргьы – илҵшәоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Агәыҳалалратә форум Агәабзиарахьчара аминистрреи Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрреи радгыларала имҩаԥгахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0