Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Агәабзиара змоу абиԥара: Аԥсны апроект ҿыц аусура иалагоит

© Sputnik Сухумская набережная
Сухумская набережная  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2022
Анапаҵаҩра
Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ԥшьбарак ахь знык еиҿкаахоит астол гьыжьқәа, аоперациақәа рымҩаԥгара иадрыԥхьалоит аҳақьымцәа.
АҞӘА, лаҵара 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амедицинатә проект ҿыц "Агәабзиара змоу абиԥара" аӡыргара мҩаԥысит Аԥсуа телехәаԥшраҿы лаҵара 19 рзы.
Аҭаацәара иалалахьоугьы ҳамоуп: Ашана аусура аихшьаала ҟанаҵеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2022
Аҭаацәара иалалахьоугьы ҳамоуп: "Ашана" аусура аихшьаала ҟанаҵеит
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" анапхгаҩы Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаҩ Мактина Џьынџьалԥҳа апроект шаԥҵаз атәы еиҭалҳәеит.
"Зегьы еицыжәдыруеит Аԥсны аҵакыраҿы афонд "Ашана" жәашықәса инарзынаԥшуа аус шауа, аусура шазырхо ичмазаҩы хьанҭоу ахәыҷқәа Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рыхәшәтәырҭақәа рахь рышьҭра шеиҿнакаауа, ишымҩаԥнаго аԥсихологиатә, аиуристтә цхыраара ахәыҷ чымазцәа змоу аҭаацәа рыцхраара. Аха зныкгьы имҩаԥгамызт зыбаҩ зтәым аҳәса рыцхраараз проекткгьы", - лҳәеит лара.
Џьынџьалԥҳа илҳәеит ари ахырхарҭа акыр шаҵанакуа, избанзар заанаҵтәи ацхыраара ахәыҷ чымазаҩ иира арҽеир ауеит.

"Амедицинатә проект ҿыц "Агәабзиара змоу абиԥара" ҩ-хырхарҭак амоуп. Актәи азырхоуп арккаратә усура ианхараны иҟоу рыбжьара. Афонд аҟазауаа, амедусзуҩцәа ахьамам азы апроект иалархәхоит Агәабзиарахьчара аминистрра, аҳәса абжьгарақәа рызҭо, иадыԥхьалахоит ахәыҷтәи поликлиника, ахәыҷтәы хәшәтәырҭа, апедиатриа иаҵанакуа аҟазауаа", – лҳәеит афонд "Ашана" анапхгаҩы.

Апроект арккаратә хәҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны аҟазауаа Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рахь инеилоит. Имҩаԥыргалоит асеминарқәа, алекциақәа, аҟазаратә-классқәа зыбаҩ зтәым аҳәса рзы.
"Апроект аҩбатәи ахәҭа азырхоуп амедмаҵзурақәа риеӷьтәра. Абри ахырхарҭаҿы иҟарҵо рацәоуп Агәабзиарахьчара аминистрра, ахәшәтәырҭақәа, аҳақьымцәа. Урҭ рыцхыраарала апроект анагӡара ҳҭахуп. Апроект аҩбатәи ахәҭа анагӡараз имҩаԥгахоит Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рҟынтәи иааԥхьоу аҟазауаа злахәу астол гьыжьқәа. Иара убасгьы дара адыԥхьалахоит аоперациақәа рымҩаԥгара", - ҳәа еиҭалҳәоит Џьынџьалԥҳа.
Презентация проекта Плоды Добра в ПЦ Sputnik - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2022
Аԥсны
Ақьиара амҩала: агәыҳалалратә фонд "Ашана" апроект ҿыц ахықәкы иалацәажәеит
Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ԥшьбарак ахь знык еиҿкаахоит астол гьыжьқәа, аоперациақәа рымҩаԥгара иадрыԥхьалоит аҳақьымцәа.
"Ара иазгәаҭатәуп ҳара аминистрра аус инаваргылан аусура шымҩаԥаҳамго. Ҳара апроект наҳагӡоит Аԥсны амедицина ацхыраараз мацара", - лҳәеит афонд "Ашана" анапхгаҩы.
Лара илҳәеит апроект Агәабзиарахьчара аминистрра ишазынашьҭу ақәшаҳаҭразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0