Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьопуа ашәырқәа аекспорт ахь рышьҭразы: адкылараҭақәа шыҟоугьы анхаҩы иахьиҭаху иалаиҵоит

Џьопуа ашәырқәа аекспорт ахь рышьҭразы: адкылараҭақәа шыҟоугьы, анхаҩы ишеиӷьу иалаиҵоит
Анапаҵаҩра
Аҭыԥантәи аалыҵ аекспорт иацу акәамаҵамарақәеи адкыларатә пунктқәа аус шыруеи ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
Гәылрыԥшь иҟоу адкыларатә пункт ашықәс аҩнуҵаҟа ашәыр шаднакылогь ауааԥсыра маҷ-маҷла ршәыр аҳәаа иахыргоит ҳәа азгәаиҭеит аиҿцәажәараҿы Џьопуа.
"Рыцҳарас иҟоу ирацәаны аалыҵ рзеизгаӡом. Мчыбжьык аидкылара уалагар ибжьысуеит. Убри аҟнытә имаҷны иргоит. Анхацәа апунктқәа рахь ашәыр рнагара аасҭа аахәаҩцәа дара рахь рнеира иазыԥшуп. Уажәы раионцыԥхьаӡа апунктқәа ҟаларгьы, ус баша ауаа тәазаауеит. Уахь иназго маҷхоит. Ахәырма, афеихоа еиҳа инаргоит, егьырахь ахәҳаахәҭыҩцәа неины иргоит. Апункт аҿы аус зуа ақыҭақәа рҿы аалыҵ змоу ауаа рдыруеит ирарҳәоит инаргарц, аха анхаҩы еиҳа иара ишизыфеидоу иалаиҵоит иаалыҵ", - ҳәа иҳәеит Џьопуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0