Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Инал Арӡынбеи Михаил Шургалини аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа ирылацәажәеит

© SputnikМИД Абхазии
МИД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.11.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 19 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба диԥылеит ҳтәылаҿ иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин ахәаша, абҵара 18 рзы. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа Амедиацентр.
Аганқәа алацәажәеит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рызҵаатәқәа.
Ҩ-тәылауаҩрак раиура азҵаарақәа рзы Аиқәшаҳаҭра аратификациаз нап аркуп, амч аиуеит аратификациатә шәҟәқәа анеимырда амш инаркны.
Министр иностранных дел Республики Абхазия Инал Ардзинба и Министр иностранных дел России Сергей Лавров подписали Соглашение об урегулировании вопросов двойного гражданства между странами. - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2022
Аԥсны
Арӡынбеи Лаврови ҩ-тәылауаҩрак аиура азҵаарақәа рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
Атәылақәа рыбжьара ахәҳаахәҭра-аекономикатәи, агуманитартәи, аполитикатәи еимадарақәа рзы иахәаԥшын "Аԥсны-Урыстәыла-Белоруссиа" х-ганктәи аформат ала аиҿкааратә механизм аԥҵара азҵаара. Ари азҵаараз аусурақәа ирыцҵоуп.
Иазгәаҭоуп Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭахь ишынашьҭу адепутатцәа Алхас Барцыц, Кан Кәарҷиа, Леонид Лакербаиа, Дауҭ Хәытаба иҟарҵаз аҳәамҭа. Уи азкуп Урыстәыла аҳәынҭдума аҟынтәи ианыхынҳәуаз аԥсуа-аурыс ҳәаа рахысраан Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа ахаҭарнакцәа иаанкылан рхатәы маҭәақәа агәаҭара ишахрыжьыз.
Уи адагьы ирҳәеит Аԥсны атәылауаа хыԥхьаӡара рацәала Жәлар Реизарахь ашәҟәқәа шынарышьҭуа, Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа ахаҭарнакцәа акыр аамҭа ишааныркыло ҵаҵӷәыс иамоу рамҳәаӡакәан.

"Ҳшәыҳәоит ҳдепутатцәеи ҳуааԥсыреи ҳаҭырқәҵарыла шәрызнеирц", - иҳәеит Инал Арӡынба.

Урыстәыла адәныҟаполитикатә усбарҭахь инашьҭуп аҳәаратә ажәанҵа арҭ ахҭысқәа анырра рырҭарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0