Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәарҷиа ашәырқәа рекспорт азы: ахеидкылақәа ҟамлакәа ақыҭа зыӷьацаӡом

Кәарҷиа ашәырқәа рекспорт азы: ахеидкылақәа ҟамлакәа ақыҭа зыӷьацаӡом
Анапаҵаҩра
Ашәыри уи аалыҵқәеи атәыла анҭыҵ ргаразы иҟоу ауадаҩрақәа зыхҟьо, насгьы урҭ раԥыхразы мҩас иҟоу азы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит аусдкылаҩ Абесалом Кәарҷиа.
Аусдкылаҩ араса аҭира дахьадҳәалоу аҟынтә уи ҿырԥштәыс иааганы иҳәеит аӡәгьы ишизымдыруа арионқәеи ақыҭақәеи рылшара атәы араса аарыхраҿы, зегьы рхы еидкыланы иҟазар, усҟан аҭирагьы азнеишьа мариахон ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Иахьа Урыстәыла аус ахьызуа исыҳәоит, иаҳҭахуп ахәырма, афеихоа, араса, араса гәылхны, ацәа ишагәылоу, ахәырмарҩа, аџьынџьыхәа. Иҟазҵода ари, ишԥеиҿаҳкаауеи? Иаазхәо дыҟоуп, изҭаху дыҟоуп, ҳара ҳаиҿкааума абри иҳарбарцаз?! Афеихоа атәы уҳәозар, аӡәы итәы ҟәазуп, егьы итәы ссоуп. Сортк ҳамаӡам. Ари зегьы еиқәшәозароуп. Иахьатәи аџьармыкьатәи аекономика ҳара ҳазыҟаҵаӡам. Арҭ зегьы рхы еидыркылароуп. Очамчыраа абри ҳалшоит, Галаа - ари ҳәа иҳәаны рҽеидыркылар, ақыҭагьы ӷьацоит. Арахә зааӡо рҽеидыркылароуп, ауаҭраҭых ӡааӡо ус. Доусы ихазы дыҟоуп иахьа. Аӡә ихы идикылар дицәшәоит. Ус иалҵӡом", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0