Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Днепр армартәи аӡхықә ала иӡхыҵыр зҭахыз украинатәи аибашьцәа ҭархоуп

© Sputnik РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПонтонная переправа в Херсоне
Понтонная переправа в Херсоне - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2022
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу адҵа ҟаиҵахьан Херсонтәи аобласт, Днепр армарахьтәи аган дырӷәӷәарц.
АҞӘА, абҵара 21 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа УАМ адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥ, Днепр армаратәи аӡхықә ала иӡхыҵырц иаҿыз ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит аминистрра.

"Херсонтәи аобласт аиланхарҭа Днепровское иахьаҵанакуа Днепр армаратәи аӡхықә ала иӡхыҵырц иаҿыз УАМ адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥ ҭархоуп", - ҳәа аанацҳауеит аминистрра.

Аусбарҭаҿы ирҳәоит аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи ааха рырҭеит УАМ анапхгараҭаратә ҭыԥқәа Харковтәи аобласти, Запорожтәи аобласти, ДЖәРи рҿы. 124 раион рҿы иҭархоуп аруааи аибашьыга техникеи.
Иара убасгьы ДЖәР, Краматорск иԥжәоуп аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа, Харковтәи аобласт аиланхарҭа Пыльнаиа аҿы иҭархоуп РСЗО шьақәгылақәа "Ураган". Арҭ ашьақәгылақәа рҟынтәи УАМ аибашьцәа Белгородтәи аобласт иалахысуан.
Урыстәылатәи ПВО уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа икарыжьит РСЗО "Ураган", "Ольха" рыхгәыцәқәа.
Танкисты оперативно-боевого тактического формирования ДНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.11.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла аруаа украинатәи арратә напхгараҭарҭақәа ааха рырҭеит
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы УАМ аруаа ажәылара рҽазыршәеит, аха илҵшәадахеит шьҭахьҟа иԥхьарцеит. Иҭархоуп 70-ҩык аруаа, акәылӡмашьынақәа хәба, аршьаҟауаа рмашьынақәа ҩба, танкки автомашьынақәа хәбеи.
Купиантәи ахырхарҭаҿы Куземовка иахьаҵанакуа урыстәылатәи ар артиллериеи амцаҭырҟьагақәеи рыла УАМ ар ржәылара аԥдырҟәҟәааит, шьҭахьҟа иԥхьарцеит, убри аан иҭахеит 35-ҩык рҟынӡа украинатәи аруаа, акәылӡмашьынақәа 2, автомашьынақәа 4.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы украинатәи атактикатә ротақәа ҩба Червонопоповкеи Голиковои ажәылара рҽазыршәеит, аха иқәҿиарадахеит. Ари ахырхарҭаҿы иҭархоуп 20-ҩык украинатә аруаа, танкк, кәылӡмашьынак, аршьаҟауаа рмашьынақәа хԥа.
Ажәабжьқәа зегьы
0