Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Пицунда ҭагалантәи аглемпинг ахырхарҭала иалыркааз аҭыԥқәа ирхыԥхьаӡалоуп

© SputnikПицунда.
Пицунда. - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2022
Анапаҵаҩра
Глемпинг - аԥсабараҿ ԥсшьара хкуп, аха аҭагылазаашьа бзиақәа зегьы ахьаԥҵоу аԥсшьарҭаҭә сасаирҭа маҷқәоуп.
АҞӘА, абҵара 21 - Sputnik. Урыстәылатәи атуристцәа рыбжьара аглемпинг ахырхарҭала иалырхуа аҭыԥқәа жәаба рыбжьара иҟоуп Пицунда, абри атәы аанацҳауеит амаҵзура Tvil.ru.
Пицунда ажәбатәи аҭыԥаҿ игылоуп, аха иаракзаҵәык ауп аҳәаанырцәтәины асиа иану.
Ҭагалантәи аглемпингтә ԥсшьараз иалыркааз ахырхарҭақәа жәаба:

Ахырхарҭа

Уахыктәи аԥсшьара ахәԥса

Бжьаратәла аныҟәара аамҭа

Анапа, Краснодартәи атәылаҿацә

3 628 мааҭ

7 у. ҽ.

Архыз, Ҟарачы-Черкесск

6 631 мааҭ

3 у. ҽ.

Шәача, Краснодартәи атәылаҿацә

2 072 мааҭ

6 у. ҽ.

Маиҟәаԥ, Адыгатәыла

4 590 мааҭ

3 у. ҽ.

Евпаториа, Ҟрым

4 568 мааҭ

6 у. ҽ.

Лахденпохиа, Карелиа

7 202 мааҭ

2 у. ҽ.

Чемал, Алтаи

3 562 мааҭ

3 у. ҽ.

Приозерск, Ленинградтәи аобласт

5 191 мааҭ

2 у. ҽ.

Пицунда, Аԥсны

2 741 мааҭ

7 у. ҽ.

Суздаль, Владимиртәи аобласт

3 677 мааҭ

2 у. ҽ.

Асиаҟны аладатәи атәылақәа аԥыжәара ахьааныркыло џьашьатәӡам ҭагалан азы. Зегь реиҳа иалыркаауа ҭыԥқәоуп Анапа, Архыз, Шәача.
Зегь реиҳа зыхә цәгьоу хырхарҭоуп Карелиа - Лахденпохиа аглемпинг аӡәы иԥсшьара бжьаратәла 7 нызқьмааҭ еиҳаны изтәоит. Зегь реиҳа ибиуџьеттәу хархарҭоуп Шәача, уаҟа уахыктәи аӡәы иԥсшьараз бжьаратәла ҩнызқьмааҭ маҷк инеиҳауп.
Вид на мыс Пицунда в Абхазской АССР. - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2022
Аԥсны
Аԥсшьаҩцәа здызхало аҭыԥ: акурорттә комплекс "Пицунда" 55 шықәса ахыҵит
Ажәабжьқәа зегьы
0