Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсшьаҩцәа здызхало аҭыԥ: акурорттә комплекс "Пицунда" 55 шықәса ахыҵит

© Sputnik / Эдуард Песов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВид на мыс Пицунда в Абхазской АССР.
Вид на мыс Пицунда в Абхазской АССР. - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2022
Анапаҵаҩра
Пицунда акурорт аргылара азиӡбеит уи аҭыԥ азааигәара зыԥсы зшьоз Никита Хрушьиов.
АҞӘА, абҵара 5 - Sputnik. Абҵара 5 1967 шықәсазы Пицунда иаадыртит акурорттә комплекс. Уи иаҵанакуан 14-еихагылара змаз асасааирҭақәа быжьба.
Хықәкыла ари аҭыԥаҿ акурорт аргылара азиӡбеит, уа ааигәа аҳәынҭдачаҿ зыԥсы зшьоз ЦК КПСС Актәи амаӡаныҟәгаҩ Никита Хрушьиов.
Аҭыԥ машәырны иалхымызт, пицундатәи аԥсамза агәабзиараз здыҟам аҳауа ахылҵуеит. Убри азоуп амзаратәи аҳәырԥссараҿ акурорт аргыларагь зыӡбаз.
Хрушьиов аӡбамҭа анидикыла ашьҭахь, Аизараду аханқәа зыргылоз усҟантәи аамҭазы Москва архитектор хадас иҟаз Михаил Посохин иҽимеидеит иаарласны иҩызцәеи иареи Пицундаҟа иаарц.
Агәабзиарачаԥарҭа ҿыц аргылара иалахәын 3500-ҩык инреиҳаны, урҭ рзы иргылан ԥшьеихагыларак иҟаз аҩнқәа жәаба "хрушьовка" ҳәа изышьҭаз.
Акурорт Пицунда асовет уааԥсыра, аԥсшьараз бзиа еицырбоз ҭыԥын.
1960-1972 шықәсқәа рзы Пицундатәи ауахәамаҿ аусура иалагеит акультуратә баҟақәа ирыҵаркуаз амузеи-цәыргақәҵа, анаҩс уи ииаргоит иазааигәан игылоу 1913 шықәсазы иргылаз аберҭыԥахь. Ауахәама аҩнуҵҟа еиҿыркааит аконцерттә зал, идыргылеит ауарӷан.
Нодар Чанба - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2020
Арадио
Ҷанба Пицундатәи ауарӷан азы: ас еиԥш иуникалтәу аинструмент ахьҳамоу сазгәдууп
1991 шықәсазы здыҟам аҭоурыхтә-культуратә баҟақәеи аекологиатә баҟақәеи рыхьчара хақәкыс иҟаҵаны иаԥҵан аҭоурыхтә-архитектуратә ҳәырԥссара "Питиунд ду" амилаҭтә парк-ҳәырԥссара аҩаӡара аманы. Ақьырсиантә баҟақәеи амзареи аҳәынҭқарратә хьчара иаҵанакуан.
Иахьа Пицунда жәабала аус зуа акурорттә ргылароуп, урҭ рыбжьара иҟоуп апансионатқәа "Самшитовая роща", "Сосновая роща", "Кәыдры", Д. Гәылиа аихьӡ зху аҟазацәа рыҩны "Литфонд", еиду акурорт "Пицунда".
Асовет аамҭақәа раан еиԥш иахьагьы Пицунда асасцәа хнахоит аҳауа зҩыдеи, игәыбзыӷу амшыни, аԥсуа исасдкылареи. Аха егьа ус акәзаргьы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа Пицунда иаднакылоз ахаԥхьаӡара иахьа иузаҿырԥшом.
Вид на Пицунду - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2019
Адунеиаҿ еицырдыруа ауаа – Пицунда асасцәа
Ажәабжьқәа зегьы
0