Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҭарба Владимир Анцупов изы: иеиԥш иҟаз рылоуп ҳазлеиқәхазгьы

Ҭарба Владимир Анцупов изы: еиԥш иҟаз рылоуп ҳазлеиқәхазгьы
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа Владимир Анцупов иԥсы ҭазҭгьы абҵара 22 рзы ихыҵуазаарын 75 шықәса. Аҵарауаҩ Иван Ҭарба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Владимр Анцупов илаз агәаӷьреи ақырҭцәа хықәкыла иара иҭархара изашьҭази ртәы.
Иван Ҭарбеи Владимир Анцупови еибадырит ауниверситет аҿы. Аԥсны жәлар рмилаҭтә хақәиҭратә қәԥара агәҭа игылаз, аԥышәа змаз спортсмен дуун ҳәа азгәаиҭеит Ҭарба аиҿцәажәараҿы.
"Амрагыларатәи афронт агәыԥқәа дреиҳабын, идирҵозгьы рацәан. Аминистр Ломинаӡе дандәыларцозгьы ихагәҭа иқәызшьыз дреиоуп, убысҟак агәымшәара изҭан, иеиԥш аҵеицәа маҷуп. Иара иеиԥш иҟаз рылоуп ҳазлеиқәхазгьы. Иаб аҳәаа ихьчон, иан – ауниверситет аҿы аус луан аҳасабеилыргаҩ еиҳабыс. Жәлар рфорум азы аҟәрышь анеизгатәыз маӡала ҳуалафахәы иахыхны еизылгон, ҳақәшаҳаҭра лыманы. Убыс иҟаз ҭаацәаран. Иахьа дыҟазҭгьы, аӷьеиҳәа дҳавагылазаарын. Зегьы рыла ҳзықәгәыӷуаз ҷкәынан", - ҳәа иҳәеит Ҭарба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Владимир Анцупов – Аԥсны Афырхаҵа, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, карате амаҟа еиқәаҵәа змаз, абокс азы аспорт азҟаза.
Анцупов Аԥсны Аҩнуҵҟатәи Архәҭақәа хазы рполк аиҿкаара ахыҵхырҭаҿы дгылан, далахәын активла урҭ реиҿкаара, ҿыц инаԥхьази арезервистцәеи азыҟаиҵон, иара убас иазыҟаиҵон аԥшыхәратә гәыԥ "Катран".
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны Аԥсадгьыл ахьчараз дгылеит, аҭыԥантәи ауааԥсыра аӷа иҿагылан ақәԥарахь ргәы азҭаиҵон. Акыр ԥшыхәрақәа агәыԥ "Катран" далахәны имҩаԥигахьан аӷа итыл аҿы, убри аамҭазы аӷа ааха ӷәӷәақәа иоуан уааԥсыралеи техникалеи. Активла далахәын Кәачара ақыҭа аҭарцәра. Ақырҭуа мпыҵахаларатә мчқәа ибзианы ирдыруан иара имҩаԥигоз аусқәа, акырынтәгьы иақәыркхьан иҭархара, урҭ азхиан дызшьуаз имаҷымкәа аԥара иҭара.
Владимир Анцупов дҭахоит ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы Лаҭа ақытан иҭархаз авертолиот аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0