Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа х-нызқь тонна рҟынӡа амандарина нагоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСбор мандарин
Сбор мандарин  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.11.2022
Анапаҵаҩра
2022 шықәсазы иазгәаҭоуп 50 000 тонна аҽаҩра аҭагалара.
АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Х-нызқь тонна рҟынӡа амандарина Аԥснынтәи Урыстәылаҟа инагоуп цәыббра 1 аахыс ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҳазалхратә еилакы.
Аусбарҭа апресс-маҵзураҿы ишазгәарҭаз ала аҽаҩра беиа ыҟоуп, аха ацитрусқәа рыҭаара ихьшәаны иалагеит.
Амандаринақәа рыдагьы аҭирахь инаргоит:
афеихоа - 702,8 тонна,
ахәырма - 70,5 тонна,
алимонқәа - 107,6 тонна.
Ажьырныҳәа 1 инаркны абҵара 21-нӡа 1,5 нызқь тонна рҟынӡа араса Аԥснынтәи Урыстәылаҟа инагоуп.
2021 шықәса жьҭаарамза инаркны 2022 шықәса жәабранмзанӡа зынӡа ареспублика иалган 22 нызқь тонна амандарина.
Ажәабжьқәа зегьы
0