Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Тҟәарчалтәи аџьармыкьа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит

© Sputnik Роберт ДжопуаРынок в Ткуарчале
Рынок в Ткуарчале  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.11.2022
Анапаҵаҩра
Аиҭашьақәыргылара ашьҭахь аџьармыкьаҿ иҟалоит 150 ҭыԥ.
АҞӘА, абҵара 22- Sputnik. Тҟәарчалтәи араионтә џьармыкьа аиҭашьақәыргылара актәи ахәҭа мҩаԥгахоит ҳәа иҳәеит Аԥсуа телехәаԥшраҿы араион ахада Исидор Дочиа.
Актәи ахәҭа аусурақәа рхарџьынҵа 20,8 млн мааҭ иҟоуп. Аусурақәа рылагара алшеит Риҵатәи апарки Афонтәи аҳаԥи ииасыз ашықәс азы араион 10-10 миллион мааҭ ахьарҭаз инамаданы.
Исидор Дочиа иажәақәа рыла аусурақәа хыркәшахоит иааиуа ашықәс хәажәкыра-мшаԥы амзақәа рҟынӡа. Аџьармыкьа аҩнуҵҟа 150 ҭыԥ рҟынӡа иҟалоит.
Иааизакны аргылара азеиԥш хәыԥса 45 млн мааҭ артәоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0