Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Telegram-каналқәа рӡыргара амаӡақәа рзеиҭаҳәан ААУ астудентцәа

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМессенджер Telegram
Мессенджер Telegram - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.11.2022
Анапаҵаҩра
Арккаратә проект "SputnikPro" аҳәаақәа ирҭагӡаны Мариа Кабанова лҟазаратә-классқәа мҩаԥган.
АҞӘА, абҵара 25 – Sputnik. Аҳәаанырцә Ааигәеи Балтиа атәылақәеи рҿы амультимедиатә центрқәа рдирекциа апродиусер Мариа Кабанова лҟазаратә-класс "Telegram-канал амҩаԥгареи аӡыргареи" мҩаԥысит, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны абҵара 25 рзы.
Кабанова лажәақәа рыла аҟазаратә-класс атема актуалра аҵоуп, асоциалтә ҳақәа Telegram, Instagram, VK социалтә медианы иахьыҟоу азы.
Telegram - иахьазы еиҳа алаҵәара змоу социалтә ҳауп, иааиԥмырҟьаӡакәа аиҭакра ҿыцқәа иахрыжьуеит, ахархәаҩцәа рҭахрақәа аҽрықәнаршәоит, егьырҭ аплатформақәа раасҭа ахақәиҭра арҭбаауеит ҳәа азылыԥхьаӡоит аусдырҩы.
Астудентцәа рзы аҟазаратә-класс аҿы Кабанова еиҭалҳәеит Telegram-каналқәа рзы атекстқәа шыҩлатәу, иазгәалҭеит апостқәа кьаҿзар шакәу. Иара убасгьы дазааҭгылеит ахатәы канал аусура аларгареи аӡыргареи шалшо.
Мария Кабанова - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2022
Аԥсны
SputnikPro: Telegram-канал ирласны ишаларҵәатәу
"Telegram-канал – ӡымҩангага дук еиԥшуп. Аӡы – анапаҵаҩцәа роуп. Амҩангага труба анҭыҵынтә ӡыла иумырҭәлар, анапаҵаҩцәа уцәхьаҵуеит, иуцәцоит. Заҟа иӡыржәго ааҟара, уи шаҟа ишәҭиуа иаашәхо ааҟара аканал аларҵәара аиуеит. Шәканал иадыжәгало аҽазышәарақәа ирышьашәалоуп. Аботқәа шәҽырцәышәыхьчала аиҳаракгьы аканал аӡыргараан", - ҳәа лҳәеит лара.
Кабанова лажәақәа рыла аканал аӡыргараз ихархәаганы иҟоуп - арепостқәа, аиҭагәалашәарақәа, аҽа каналки ахархәаҩи рыбжьара аӡыргара.
Кабанова иазгәалҭеит ААУ астудентцәа аинтерес ду шаадырԥшыз, азеиԥш информациа адагьы аналитиказ атехникатә ҷыдарақәагьы рдырра шырҭахыз.
Ажәабжьқәа зегьы
0