Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аишьцәа рхәышҭаара": Измиҭ ақалақь Кавказ Адернеқь аусушьа иазкны

© Foto / Саида ЖьиԥҳаЕрдал Ҷыҭанаа
Ердал Ҷыҭанаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2022
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла, Измиҭ ақалақь Кавказ ахаҭарнакцәа еидызкыло хәшҭаараны иҟоуп адернеқь. Уи ашьаҭа акит Кавказ ажәларқәа рхылҵшьҭрақәа ирыбзоураны. Аҵыхәтәантәи жәашықәса адырнеқь напхгара азҭо Ердал Ҷыҭанаа диҿцәажәеит ажурналист Саида Жьиԥҳа.
Измиҭ ақалақь аҟны иҟоу Кавказ Адернеқь ашҭа уанааҭало, иаразнак улаԥш иҵашәоит ицқьаӡа иҟоу аҵакыра, зехьынџьара изызҳауа ашәаԥыџьаԥ. Ухы ҩышьҭыухыр иубоит Кавказ Адернеқь шаку зырҵабыргуа аҩырагьы.
Ӡынгьы ԥхынгьы Адернеқь иаҭаауа "бзиала шәаабеит" ҳәа ашә аартны аԥшәмацәа рԥылоит. Ари Адернеқь хәшҭаароуп Измиҭ инхо Кавказ ахаҭарнакцәа рзы. Жәашықәсала арҭ аҭыӡқәа рҟны еиқәдырхоит аешьаратә милаҭқәа рҵасқәа, рқьабзқәа, ркультура.
Адернеқь ауада рацәа амҽхакуп. Аҭыӡқәа рҿы иумбарц залшом адыга сахьаҭыхҩы Фаарықә Қәыҭлу, аԥсуа сахьаҭыхҩы Џьидаль Тәанԥҳа уҳәа аӡәырҩы русумҭақәа. Еиҿкаауп Кавказ ашәҵатәи, акҿаҩра маҭәеи, ажәытә бзазареи, амузыкатә инструментқәеи ахьӡыргоу ауадақәа. Аекспонатқәа реиҳарак кавказаа рҭаацәарақәа Адернеқь ҳамҭас иарҭаз ауп. Иаартуп аԥсшәеи, аурысшәеи ахьырҵо ауада, рҵаҩыс дрымоуп Гәында Анқәабԥҳа. Иара убас ирҵоит адыга бызшәа.
© Foto / Саида ЖьиԥҳаЕрдал Ҷыҭанаа
Ердал Ҷыҭанаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.11.2022
Ердал Ҷыҭанаа
Адернеқь аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкааны ирымоуп афольклор аҟәша. Уи хылаԥшра алҭоит Ердал иԥшәмаԥҳәыс Зуҳаль Қапԥҳа. Иаԥҵоуп Мураҭ Ҳаразиа ахореографс дызмоу Кавказ акәашаратә коллектив. Агәаҳәара змоу Искандер Пасаниа иҿырҵаарц рылшоит аккордион арҳәашьа, амырзакан арҳәара иазҟазоу Езгьи Чачба иԥышәа рымаидоит аҿар. Аамҭаказ аус ауан аҳәса зҿлымҳара зырҭоз анаплых акурсқәа. Ҩаԥхьа ахацаркразгьы ааигәа иалацәажәеит Адернеқь аҿы. Иумҳәарц залшом аиԥыларақәа раан араҟа чыслагьы ишеидтәало. Усҟан Кавказ аҳәса рнапы иҵырхуеит абысҭеи уи иацу ацыфақәеи.
Кавказаа анеизо, еиуеиԥшым азанааҭқәа ирызҟазоу русура ахырхарҭақәа ирылацәажәоит, рԥышәа еимырдоит.
"Кавказ амилаҭқәа ҳажәҩахыр еибыҭаны, ҳҳәоу еиқәшәаны абри ижәбо ахыбраҟны ҳаицыҟоуп. Адернеқь доусы иҩны еиԥш иԥхьаӡоит. Арахь имаҷҩымкәа асасцәа ҳзаалоит, ари уара дутәуп ҳәа акәымкәа даҳзеиԥшны даҳбоит", - иҳәоит Ердал Ҷыҭанаа.
Адернеқь аиҳабы иазгәеиҭеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра анцоз аамҭазы, араҟа ишдырхәлоз, егьараан ишдыршоз арыцҳара иақәшәаз аԥсуаа рзы агәыҳалалратә цхыраара еизызгоз ҳџьынџьуаа.
Ҳилал Тәанԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.11.2022
"Адунеи ҳәҳәар ҳҭахын": Ҳилал Тәанԥҳа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра шылгәалашәо
"Аибашьра Аԥсноуп иахьцо, уи ҳара иаҳусым ҳәа Кавказ иатәу аӡәы имҳәеит. Уимоу рхатә хьаа еиԥш ирыдкыланы ирылшоз зегь ҟарҵон Аԥсназы", - инаҵишьит иара.
Амҳаџьырра дазааҭгыло Ердал Ҷыҭанаа иҳәеит атәым дгьыл ахь дышхырҵәаз иабду иабду Оула. Уи аамҭазы иара дҭаацәаран, Мыги Мыгдыри захьӡыз аԥацәа иман. Аԥхьанатә дара Қьефқьен иӡхыҵит, анаҩс Ԥсҳәы ҳәа ахьӡҵаны аԥсуаа ишьақәдыргылаз ақыҭахь нхара ицеит. Ердалгьы уаауп дахьииз, уаауп ашколгьы дахьалгаз.
Адернеқь еиднакыло Кавказ ахаҭарнакцәа ианааидтәало амҳаџьырра иахнагаз рабдуцәа рыӡбахә рымҳәакәа иҟамлацт. Дара ирдыруа ахәыҷы рабацәа рҟынтә ираҳаз ауп. Наҟ-наҟгьы ари аҭоурых еиқәхарцаз напкәыршала ирыдкыланы ирымоу аҿар ирзеиҭарҳәоит.
Ильқьар Ашьхараа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2022
Аԥсны
"Измиҭ амра зырлашо": ҳџьынџьуаҩ ахореограф Ильқьар Ашьхараа иҭоурых
"Ҳара уажәшьҭа ҳақәрақәа маҷӡам. Ҳнапы злаку аус ҳамаздаша аҿар ҳааӡоит ҳәа ҳаҿуп. Аиашазы даргьы рыбла ҭырхаха иаҳҿаԥшуеит. Зны-зынла ҳқәыԥшра ҳгәаладыршәоит. Ҳаԥхашьаны адуцәа ахьтәаз ҳанзымнеиуаз, аха еиҭарҳәоз ажәабжьқәа ҳаҳарцаз, ҳлымҳа кыдҵаны егьи ауадантәи ҳанӡыруаз сыбла ихгылалоит. Аригьы аԥсыуароуп саҳәшьа", - иҳәеит игәы ԥшаауа ҳџьынџьуаҩ.
Ердал Ҷыҭанаа 10 шықәса раахыс дызхагылоу Кавказ Адернеқь иамоуп ахатәы архив рацәаӡаны. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз араҟа аџьабаа збоз доусы илшамҭақәа ртәы зҳәо аматериалқәагьы шәҟәык алҵратәы еизгоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0