Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥсы дызгәыбылҩымыз дыцәаз џьишьон" аԥсуа жәаԥҟақәак рыхҳәаа

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДегустация вина. Архивное фото
Дегустация вина. Архивное фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.11.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәаԥҟақәак дҳазрылацәажәоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ажәаԥҟақәа - зшәагаа дуум, аха аҵакы ҵаула згәылаҵәаху фольклортә жанруп. Ажәаԥҟақәа ажәлар рԥышәеи рҟәыӷареи иахылҿиааит. Дара зажәа акырԥхылнадо ажәа азҟазацәа еснагь ражәаҳәа иалоуп.
Зны џьара иҟалахьаз хҭыск, ҳәамҭак, жәабжьк иахылҿиааз ажәаԥҟақәа анаҳԥылогьы маҷӡам. Ажәлар урҭ иахьагьы иргәалашәоит, рхы иадырхәоит.
Алада иаазгоит жәаԥҟақәак шаԥҵахаз атәы зҳәо жәлар рҳәамҭақәак.
"Аԥсы дызгәыбылҩымыз дыцәаз џьишьон" - хаҵак иҩызеи иареи аиныхра ахьыҟаз ԥсрак аҿы инеит. Рҩыџьагьы артәарахьы инаргеит. Ахаҵа данԥшы, инеицәыхарамкәа ацха ҭаны ҩышә грамм зкуаз аҵәца илаԥш иҵашәеит.
Шә-граммк зкуаз аҵәцала иқьаф изыҟамҵошәа аниба, ацха зҭаз аҵәца ааҭарцәны аҩы алаижәуа далагеит.
Абасала, аԥшәмацәа ргәаҟреи аԥси хьаас дымкӡакәа зқьаф аҟаҵара иашьҭалаз ахаҵа ихҳәаахеит ари ажәаԥҟа: "Аԥсы дызгәыбылҩымыз дыцәаз џьишьон".
Национальный костюм  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.08.2021
Афырхаҵареи агәымшәареи ирызку аԥсуа жәаԥҟақәак
"Ҭакәажәык даныԥсы кәтаӷьк кәыруа дахьцоз илышьҭан" - қыҭак аҿы дынхон ҭакәажәык. Аҭакәажә убасҟак дмыждан, аихаҵәы ршны илуркыр илымпыҵахьшәашәон. Ҽнак аҭакәажә лышҟа сасык дымҩахыҵит. Асас амла дакуазаарын. – Ди, сымҩа хароуп, амла сакын сымҩахыҵит, - иҳәеит асас. Аҭакәажә даалаганы, кәтаӷьк аажәны, асас иҿаҵаны имҩахь доулышьҭит.
Даҽа уахык зны, аҭакәажә лҿы еҭарагь сасык дымҩахыҵит. Ишдыру еиԥш, Аԥсны иааиз асас изы аԥшәма ицәыригоит иреиӷьу ифатә-ижәтә. Ус акәу џьишьоит уажәы, аҭакәажә илҭааз асасгьы. Аҭакәажә ишыҟалҵац еиԥш, кәтаӷьк аажәны, асас иҿаҵаны имҩахь доулышьҭит.
Абасала, зыԥсҭазаараҿы кәтаӷьк ада зысас иҿазымҵацыз аԥҳәыс илыхҳәааны иаԥырҵеит абри ажәаԥҟа: "Ҭакәажәык даныԥсы кәтаӷьк кәыруа дахьцоз илышьҭан".
Долгожители из абхазского села Джерда - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.11.2021
Аԥсны
"Цу ҳфеит": аԥсуа ҵасқәа зныԥшуа ажәаԥҟақәеи ацуфарақәеи
"Аӷа бзиа ушыҟьантазу уишьуам" - намыс змоу, схаҵоуп ҳәа зхы зшьо иаӷагьы уаҩҵас, хаҵаҵас дизныҟәоит рҳәоит. Хыхь ицәыргоу ажәаԥҟа ахылҿиааит ҳәа ирыԥхьаӡоит абри ахҭыс: Зны аӷа дызмаз аӡәы иԥацха дыҩнатәаны аҽыкәабара даҿын. Абыржәы уаӷа дааҩналар иҟоуҵозеи ҳәа иԥҳәыс даниазҵаа: - Сара абџьар скӡамкәа исеихсуа аӷа дсымам, - иҳәеит зҽызкәабоз. Ари ииҳәаз ааҵраҿы иаватәаз иаӷа ианиаҳа, аҩны дааҩналан, уареи сареи иахьарнахыс еиӷара ҳабжьам, ухы уақәиҭуп ҳәа наиаҳәан, дындәылҵны дцоит.
"Алым иалымшо аҳәынаԥ ианалшо ыҟоуп" - ари ажәаԥҟа аҵакы аныԥшуеит ԥхьаҟа иаагахо ажәабжь: Бна дук аҿы алым аԥсы ашьон. Ҳәынаԥ хәыҷык неин алым абӷа иқәыхәмаруа иалагеит. Алым ҿыхан аҳәынаԥ акит. Ашьап ду нақәнажьын иашьуа иалагеит.
Аҳәынаԥ аҽрыцҳатәны алым иаҳәо иалагеит "сумшьын, соушьҭ!" ҳәа. Алымгьы аҳәынаԥ рыцҳанашьан иоунашьҭит. Аҳәынаԥ хәыҷык ианынаскьа, алым ахь иаахьаԥшын, ус ҿаанаҭит:
Празднование дня рождения тигра Амура в Приморском сафари-парке - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2022
Аԥсны
"Абжьас даҩызоуп": ауаҩи абжьаси рҟазшьеиҿырԥшрақәак
– Ашәарахқәа раҳ, иҭабуп иахьа исзууз абзиаразы. Џьара сахьухәара ҟалозар, схы сеигӡом.
Алым аҟырҟырҳәа иааччан, "сара уахьзыхәо егьыҟам, уара ухы узахәозар уахәа", аҳәеит.
Аҳәынаԥ аԥсы анаиу, икәыркәыруа аҭыԥ ахь ихынҳәит.
Уи ахҭыс ашьҭахь акыр аамҭа цеит. Уахык ашәарыцацәа алым ркырц шаха шәпала иԥаз акаҭа кнарҳаит. Алым шнеиуаз акаҭа иҭашәеит. Инаҳәит-иааҳәит, аха изалымҵит.
Алым ахәаабжьы аҳәынаԥ иаҳаит. Аԥацәа аманы иааин, акаҭа злаԥаз ашахақәа ԥыхха инықәырҵеит.
Зхы иақәиҭхаз алым уаанӡа иаҳәахьаз ажәақәа ирцәыԥхашьан, абна инылашәкәа ицеит.
/Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун С.Е. Қапба ихьӡ зху Арасаӡыхьтәи абжьаратә школ арҵаҩы Артиом Ахсалба ианҵамҭақәа/.
Ажәабжьқәа зегьы
0