Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аиҭарҿыцра: апроект "Аԥсны-Star" жәашықәса рышьҭахь ихынҳәит

© Sputnik / Томас Тхайцук Пресс-конференция организаторов музыкального телепроекта "Апсны- Star"
Пресс-конференция организаторов музыкального телепроекта Апсны- Star - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2022
Анапаҵаҩра
Амузыкатә телепроект "Апсны-Star" аиҿкааҩцәа рыпресс-конференциа мҩаԥысит Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы абҵара 29 рзы. Апроект хықәкыс иамоуп аԥсуа естрада аҿиара аҭара, аҟыбаҩ змоу аҿар ралԥшаара, аԥсуа ашәа аларҵәара.
Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Апроект ахықәкы

"Аԥсны-Star" аԥхьатәи асезон аекранқәа рахь ицәырган жәашықәса раԥхьа. Апроект апродиусер Роланд Бганба иажәақәа рыла, иара иабзоураны аԥсуа естрадахь ицәырҵит Аԥсны аиԥш анҭыҵгьы ақәҿиарақәа аазырԥшыз ашәаҳәаҩцәа ҿыцқәа.
"Уажәы апроект даҽа форматк ала иӡыргахоит, амҩаԥгаҩцәа еиҭакхоит. Ажәакала, зегь ԥсаххоит. Зегь шыҟалаҵәҟьо шәаҳәара ҳҭахым, маӡак аҵазароуп", - иҳәеит иара.
Апроект "Аԥсны-Star" Аԥсны акультура аминистрра адгыларала еиҿкаауп. Аминистрра акультуреи аҟазареи рыҟәша аусзуҩ Милана Хоџьааԥҳа агәыӷра аалырԥшит асезон иҿыцу ахаҿқәа раарԥшра адагьы аԥсуа ашәа аларҵәара иацхраап ҳәа.
Апроект аспонсор хада – амобилтә оператор "Аҟәафон". Аилахәыра асоциалтә проектқәа рзы аменеџьер Ҭемыр Гәыргәылиа иажәақәа рыла, апроект аԥсуа культура аларҵәара иазырхоуп.
Саида Агырба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2022
Аԥсны
Саида Агрԥҳа амузыкатә шоу "Ну-ка, все вместе" афиналбжа аҟны дықәгылеит

Алԥшаарақәа шымҩаԥысуа

Аиҿкааҩцәа апресс-конференциаҿ еиҭарҳәеит уаанӡеиԥш апроект ԥшь-сезонкны ишеихшахо, аиааира згаз ԥхьахәык аҳасаб ала Гнесинаа рыхьӡ зху амузыкатә академиа аҿы хәыдаԥсада аҵараз аквота шиоуа. Уи адагьы амузыкатә проект алахәылацәа рзы Аԥсни анҭыҵи рҟынтәи аҟазауаа аҟазаратә классқәа мҩаԥыргалоит. Уи асоциалтә ҳақәа рыла иддырбалоит.
"Апсны-Star" ахь алԥшаарақәа мҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 15 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ. Иалахәхар зҭаху қәрала 16 шықәса иреиҵамзароуп, ашәак рҳәароуп. Заанаҵтәи арзаҳалнашьҭра аҭахым. Еиҳа инарҭбаау аинформациа асоциалтә ҳақәа рыла еилышәкаар шәылшоит.
"Аԥсны-Star" аԥхьатәи аконцерт мҩаԥгахоит 2023 шықәса жәабранмзазы.
Народная артистка России, Народная артистка Абхазии Хибла Герзмава - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2022
Аԥсны
Хьыбла Герзмааԥҳа лмузыкатә еицлабра алахәылацәа рсиа кьыԥхьуп
Ажәабжьқәа зегьы
0