Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсни Шьамтәылеи Ахәаахәҭратә хаҭарнакра аартра аус иалацәажәеит

© AP Photo / Hassan AmmarСирия, Дамаск
Сирия, Дамаск - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2022
Анапаҵаҩра
Ахәаахәҭратә хаҭарнакрақәа Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рырҿиара иацхраалоит.
АҞӘА, абҵара 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ақәҵара аднакылеит Аԥсни Шьамтәылеи рыхәаахәҭратә хаҭарнакрақәа раартра аус азы Аԥсни Шьамтәылеи реиҳабырақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩразы.
Адокумент инақәыршәаны, аиҿцәажәарақәеи анапаҵаҩреи рымҩаԥгара ашьҭахь, Аԥсны Дамаск иаанартуеит Ахәаахәҭратә хаҭарнакра, Шьамтәылагьы Аҟәа иаанартраны иҟоуп Ахәаахәҭратә хаҭарнакра.
Ахаҭарнакрақәа атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рнапынҵақәа нарыгӡалоит, ахәаахәҭреи егьырҭ аекономикатә усеицурақәеи рызҵаарақәа рзы рҳәынҭқаррақәа ринтересқәа ирықәныҟәалоит.
Уи адагьы, ахаҭарнакрақәа аинтерес зманы иҟоу аҳәынҭусбарҭақәа адырра рырҭалоит рҳәынҭқаррақәа рекономикатә ҭагылазаашьақәа рзи уа адәныҟаекономикатә усхк аҟны азакәанԥҵара аусушьази.
Иара убасгьы ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи ацхыраара рырҭалоит ахәаахәҭартә еилаӡарақәа, аекономикатәии аҭҵаарадырра-техникатәии усеицура рҟны, ишиашоу аимадарақәа раԥҵараҿы, аицнаплакқәа раартраҿы.
Флаг Южной Осетии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.11.2022
Аахыҵ Уаԥстәыла алахәхоит Аԥсни, Урыстәылеи, Шьамтәылеи реилацәажәаратә механизм аиҿкаара
Ажәабжьқәа зегьы
0