Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гәымба еиҭеиҳәеит "Аԥсны-Star" апроект ҿыц уаанӡатәи излеиԥшымхо атәы

Гәымба еиҭеиҳәеит "Аԥсны-Star" апроект ҿыц уи аԥхьа иҟаз излеиԥшымхо атәы
Анапаҵаҩра
Ашәаҳәаратә проект "Аԥсны-Star" еиҭахынҳәит. Аԥхьатәи асезон аекранқәа рахь ицәырган жәашықәса раԥхьа, иара иабзоураны аԥсуа естрадахь ицәырҵит Аԥсны аиԥш анҭыҵгьы ақәҿиарақәа аазырԥшыз ашәаҳәаҩцәа ҿыцқәа. Аԥхьатәи излеиԥшхо уажәтәи апроект, ҿыцрақәас иалагалахо, иара аҳәаақәа ирҭагӡаны зхы аазырԥшыр зылшода? Арҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит апроект амузыкатә продиусер Анри Гәымба.
Иара иҳәеит апроект ҿыцны иалагалахо шыҟало.
"Асхема ҿыцқәа ҳхәыцит. Хәыҷык аинтрига ҳамоуп, уажәы зегьы аартны исызҳәаӡом, аха иара ажиури азнеишьа, апродиусерцәа ҳусушьа зегьы аҽаԥсахит. Иахьатәи аамҭазы иара нхыҵгьы имҩаԥырго аланарԥшыратә қәгыларақәа инарықәшәо аҟаҵара ҳаӡбеит, насгьы ҷыдала иаҳхәыцыз хәҭақәакгьы ыҟоуп. Сгәы иаанагоит, ҳахәаԥшыҩцәа ибзианы ирыдыркылап ҳәа", - иҳәеит Гәымба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0