Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны даҭааит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аиҳабы

© Sputnik Томас Тхайцук Спикер Госдумы России Вячеслав Володин прибыл в Абхазию
Спикер Госдумы России Вячеслав Володин прибыл в Абхазию  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2022
Анапаҵаҩра
Ари Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аиҳабы Виачеслав Володин Аԥсныҟа раԥхьатәи иофициалтә ҭаароуп.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аиҳабы Виачеслав Володин Аԥсны официалла даҭааит.
Володин дызҭатәаз авертолиот Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәазаҿы итәеит.
Урыстәылатәи аделегациа ирԥылеит Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, уи ихаҭыԥуаа Фазлыбеи Аҩӡба, Асҭамыр Аршба, Ашоҭ Миносиан, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аиҳабы Виачеслав Володини Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәбеи еиԥылахьан москва жьҭаара 4 рзы. Усҟан Володин иҳәеит иаарласны Аҳәынҭдумеи Жәлар реизареи рыбжьара аиқәшаҳаҭра шрыбжьаҵатәу.
Ажәабжьқәа зегьы
0