Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афорум "Агәыҳалалратә усқәа раамҭа" аихшьаалақәа ҟарҵеит Агәабзиарахьчара аминистрраҟны

© Sputnik / Марианна Кубрава Подведение итогов форума “Время добрых дел”
Подведение итогов форума “Время добрых дел” - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.12.2022
Анапаҵаҩра
Афорум "Агәыҳалалратә усқәа раамҭа" акциа "Агәыҳалалра амиссиа" аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуан абҵара 28 инаркны ԥхынҷкәын 2 рҟынӡа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Афорум "Агәыҳалалратә усқәа раамҭа" аихшьаалақәа ҟарҵеит Агәабзиарахьчара аминистрраҟны ԥхынҷкәын 2 рзы.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳаи рԥылеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество анапхгаҩы Дмитри Федотови афорум аҟазауааи.
Быҭәба афорум аиҿкааҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит рџьабааз, иазгәеиҭеит атәылауаа ргәабзиара аиӷьтәра ишазырхоу рҽазышәарақәа.
Дмитри Федотов иҳәеит Россотрудничество азы ари раԥхьатәи ԥышәаны ишыҟоу, хаҭала ауаа рыцхыраара ишазырхоу.

"Ҳҟазауаа 80 рҟынӡа аҭҵаарақәа мҩаԥганы иаздырхиеит 40 рҟынӡа аортопедиатә хархәагақәа. Ари маҷуп, аха ҳгәыӷуеит аԥхьаҟа даҽа ҩаӡаракахь ҳазкылсып ҳәа" - иҳәеит иара.

Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа илҳәеит зылшара ԥку ауаа рганахь ала ауаажәларра ирусны ишыҟоу, рхала аџьатә усура мҩаԥыргартә, азанааҭ роуртә рыцхраара.
Афорум алахәыла аортопед-травматолог Вадим Дуров иазгәеиҭеит аҟазауаа ирус хаданы ишыҟаз аҭыԥантәи азанааҭуаа, абаҩырҵәыратә технологиақәа рырҵаҩцәа иддырбарц рхала аметодикақәа ахрархәара шрылшо, ауадаҩрақәа ириааиртә ишыҟоу.
Лаборантка проводит анализ крови  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.12.2022
Аԥсны
Ахәыҷтәы хәшәтәырҭа иҭоу рзы алабораториа ҿыц аҿы анализқәа хәыдаԥсада иҟарҵалоит
Афорум алахәылацәа имҩаԥыргеит аҟазаратә классқәа, аҭыԥантәи аҟазауаа рзы иазгәарҭеит аус здыруылахьоу аметодикақәеи апрограммақәеи разыҟаҵареи дырҵареи шрылшо.
Дуров иажәақәа рыла иаарԥшын аусура ахырхарҭақәа хԥа:
зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа аус рыдулара,
зыртәашьеи зшьапашҵаҩызреи еилаго ахәыҷқәа аус рыдулара,
ахәыҷқәа-аспортсменцәа аус рыдулара.
Абаҩырҵәыратә гәабзиара ашьақәыргылареи акинезиотеипиромҩаԥгареи рызҟаза Пиотр Зелински-Баирон иҳәеит аҟазаратә классқәа ринтерес шрымаз аҭыԥантәи аҟазауаа.
"Акыр аинтерес зҵоу факторуп атәылауаа рзы асоциалтә еилазаара. Иманшәалоу амедицинатә еилазаара анаԥҵоу аҭыԥантәи ауааԥсыра хьчаны рхы рбоит, џьара анҭыҵ акәымкәа аҭыԥ аҿы ацхыраара шроуа агәрагара роуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба афорум алахәылацәа ааиԥхьеит 2023 шықәсазы имҩаԥысраны иҟоу ареабилиталогиаз Жәларбжьаратәи аконференциахь.
Афорум "Агәыҳалалратә усқәа раамҭа" акциа "Агәыҳалалра амиссиа" аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуан абҵара 28 инаркны ԥхынҷкәын 2 рҟынӡа. Еиҿыркааит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра, Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра, Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра, ахәыҷтәы фонд "Росток", Москва Аҩны.
Ажәабжьқәа зегьы
0