Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Агәабзиарахьчара аминистр аштатнҭыҵтәи аусзуҩцәа алархәны инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигеит

© Foto / Пресс-служба Минздрава АбхазииГлава Минздрава Абхазии провел расширенной совещание с внештатными специалистами
Глава Минздрава Абхазии провел расширенной совещание с внештатными специалистами  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.12.2022
Анапаҵаҩра
Аиԥылараҿы ирылацәажәеит амедицинаҿы аҟазауаа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы ирԥынгыло ауадаҩрақәа ртәы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аштатнҭыҵтәи аусзуҩцәа алархәны инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Аҵыхәтәантәи ҩышықәса аиҳарак игәцаракны иҳамаз Covid-19 акәын. Уажәшьҭа иаамҭоуп иахьазы иҟоу аҭагылазаашьақәа рылацәажәара иҟоу ауадаҩрақәа азгәаҭаны. Урҭ рыӡбраз мҩақәас иҟоу", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Быҭәба инаҵшьны иазгәеиҭеит атәылауаа хымԥада зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә маҵзура рыҭара шахәҭоу, амедусзуҩцәа абри ахырхарҭала аус шыруа, "аԥсуа медицина аҩаӡара ҳарак ахь ахагалара" рыҽшазыршәо.
Амедусзуҩцәа ирылацәажәеит абарҭ азҵаарақәа:
зыхә ршәо амедицина,
атәыла амедусҳәарҭақәа рҿы аусуразы ҳџьынџьуаа Урыстәылантә рааԥхьара,
аԥснытәи амедусзуҩцәа рҟазара ашьҭыхра,
амаҵзура ццакқәа русура.
Аҟазауаа зегьы ареспублика ауааԥсыра рзеиԥш диспансеризациа мҩаԥгатәуп ҳәа азгәарҭеит, аиҳаракгьы уи акоронавирус зхызгаз рзы иахәҭаны ишьо.
Ажәабжьқәа зегьы
0