Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи аспортсменцәа VI Адунеизегьтәи аџьынџьуаа қәыԥшцәа рыхәмаррақәа ирылахәхоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Десять спортсменов представят Абхазию в VI Всемирных играх юных соотечественников
Десять спортсменов представят Абхазию в VI Всемирных играх юных соотечественников - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.12.2022
Анапаҵаҩра
Адунеизегьтәи аџьынџьуаа қәыԥшцәа рыхәмаррақәа ари атәыла анҭыҵ инхо аицџьынџьуаа хәыҷқәа рыбжьара имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аспорт еицлаброуп.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 - Sputnik. Амҵәышәмпыл акоманда "Крылья Абхазии" еилаԥсоу анапылампылтә командеи рҟынтәи жәаҩык аспортсменцәа қәыԥшцәа Аԥсны ахьӡала VI Адунеизегьтәи аџьынџьуаа қәыԥшцәа рыхәмаррақәа ирылахәхоит. Иара мҩаԥысуеит Москва ԥхынҷкәын 5 инаркны 11-нӡа.
Россотрудничество ахаҭарнакраҿ аспортсменцәа қәыԥшцәа ирԥылеит.
Аицлабра рхы аладырхәуеит 12 шықәса инаркны 14 шықәса зхыҵуа рыбжьара 400-ҩык аспортсменцәа кәыԥшцәа. Дара еицлабуеит амҵәышәмпыл, анапылампыл, ашьапылампыл-маҷ, ашахмати аишәаԥкьаҭмпыл рыҟны.

Сақәгәыӷуеит, аамҭа ԥшааны егьырҭ атәылақәа рҟынтәи аспорсменцәа қәыԥшцәа шәрабадырны аҩызара шәыбжьалап ҳәа, уигьы хадоуп шәиааирақәа реиԥш", - иҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахада Дмитри Федотов.

Аспортсменцәа қәыԥшцәа рзы акультуратә программа еиқәыршәоуп: Москва аныҟәарақәа, ахоккеитә еицлабра аҭаара, аинтеллектуалтә хәмарра "Диалоги на русском языке".
Ахәмаррақәа еиҿыркааит - Россотрудничество, Урыстәыла аспорт аминистрра, апартиа "Единая Россия", Урыстәылазегьтәи аспорт школ Афедерациа Москва ақалақь аҟны иҟоу аспорт Адепартамент ацхыраарала.
Адунеизегьтәи аџьынџьуаа қәыԥшцәа рыхәмаррақәа ари атәыла анҭыҵ инхо аицџьынџьуаа хәыҷқәа рыбжьара имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аспорт еицлаброуп. Хықәкысгьы иамоуп еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи ахәыҷқәа реиҩызара, изызҳауа ахәыҷқәа аспорти абаҩрҵәыреи радԥхьалара. Иара мҩаԥысуеит 2015 шықәса раахыс.
VI Адунеизегьтәи аџьынџьуаа қәыԥшцәа рыхәмаррақәа ирылахәхоит Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Египет, Исландиа, Киргизиа, Ҟазахстан, Кипр, Молдавиа, Монголиа, Сербиа, Шьамтәыла, Таџьикистан, Узбекистан, Швециа, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи аспортсменцәа қәыԥшцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0