Америкаа аоперациа ҷыдаз афеикқәа ахьынтәаладырҵәоз абот-фермақәа рвидео кьыԥхьуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Человек с ноутбуком
Человек с ноутбуком  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. 40 шықәса зхыҵуа аперациа ҷыда амҩаԥгашьаз иԥаршеиу аинформациа алазырҵәоз Колумбиа атәылауаҩ оидбалан америкаа ахарантә аинформациа ԥаршеи злаладырҵәоз ателефонқәа рҭаҵәах. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Уи ус шакәу убоит аус авидеоматериалқәа рҟынтәи. Агәаҭаратә уснагӡатәқәа раан ишьақәыргылан хыԥхьаӡара рацәала азынашьҭрақәа рзы ахархәара шрыҭаз асмартфонқәа рҟынтәи иҷыдоу абот-фермақәа.
Убас, иара бот-фермак иҵәахит Москва ахәаахәҭратә центрқәа руак аспорт-клуб аҽеилыхырҭаҿы. Аоперативтә усқәа рвидео аҟны иубоит асмартфонқәа еидкылан изҭаҵәахыз абӷакәырша арҭмаҟ ианҭыргоз.
"Дара (акураторцәа) сыҳәеит ауаарацәа реизарҭақәа рҿы исҵәахларц. Еиҳа ирццакны егьырҭ ателефонқәа рахь адыррақәа рынашьҭразы", - ҳәа еиҭеиҳәеит иаанкылоу ахаҵа.
Иара иҿы иқәшаҳаҭхеит абот-фермақәа рымацара шракәыз инапы ианыз. Урҭ афермақәа реиҿкааҩцәеи радминистраторцәеи аҳәаанырцә инхо анонимтә цлахәылаҩцәа роуп ҳәа иҳәеит Альберто.
Иҷыдоу апрограмматә еиқәыршәагала урҭ ахарантә ателефонқәа рхы иадырхәон дара рнапаҿы иркызшәаҵәҟьа.
Уаанӡа Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура адырра ҟанаҵеит Колумбиа атәылауаҩ Хиральдо Сараи Альберто Енрике иганахь ала ашьаусҭҵаара шхыркәшо. Иара Урыстәыла Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 276 ахә. 2, ахәҭеиҵақәа "б, г" иазыԥхьагәанаҭо ацәгьоура– аԥаршеи информациа алаирҵәоит ҳәа ахара идҵоуп.
Ишьақәыргылоуп иумҭақәа напхгара шрырҭоз аҳәаанырцәуаа. Уи азы иара аԥара изыршәон. Убри аан ацәгьоуцәа ахарантә амобилтә шьақәгылақәа рхы иадырхәон Урыстәыла атәылауаа рҟынтәи акәызшәа. Иара убасгьы ишьақәыргылан ари агәыԥ Урыстәыла ЕАА 2020 шықәсазы имҩаԥысуаз алхрақәа ахы рыланагалазшәа асхема шышьақәдыргылаз.
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2022
Колумбиа атәылауаҩ урыстәылатәи ар рзы афеикқәа шалаирҵәоз иҿы иқәшаҳаҭхеит
Ажәабжьқәа зегьы
0