Колумбиа атәылауаҩ урыстәылатәи ар рзы афеикқәа шалаирҵәоз иҿы иқәшаҳаҭхеит

© Sputnik Томас Тхайцук Наручники
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура афеикқәа алазырҵәоз Колумбиа атәылауаҩ игәиҽанырҵеит аԥшыхәрамҩаԥгара шзалымшо азы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 — Sputnik. Колумбиа атәылауаҩ, урыстәылатәи ар рзы афеикқәа алаирҵәон ҳәа ахара зхараҵо Хиральдо Сараи Альберто Енрике иумҭаз иҿы иқәшаҳаҭхеит, ацәгьоура алахәылацәа рыхьӡқәагьы иҳәеит ҳәа азгәарҭоит аус аматериалқәа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Хиральдо Сараиа мшаԥымзазы ддырбаандаҩит. Ари аҩыза аус аҿы иаанкылоу драԥхьатәиуп.
"Сара исыздырамызт ари аконспиративтә канал заҭахыз. Аҳәаанырцәтәи сҩызцәа адҵа сырҭон, сара инасыгӡон. Адҵақәа зегьы Американтәи иаарышьҭуан. Аԥара саргәаҟуан" - иҳәеит иара.
Иара иажәақәа рыла, ари аус далазгалаз Испаниа инхо идыр иоуп. Уи ачатқәа рҿы иник "Мадрид" ҳәа иарбоуп. Аҽа кураторк Билл Браис ҳәа дидыруеит. Иара убасгьы ишьақәыргылан ари агәыԥ Урыстәыла ЕАА 2020 шықәсазы имҩаԥысуаз алхрақәа ахы рыланагалазшәа асхема шышьақәдыргылаз.
ФСБ РФ пресекла деятельность группы граждан по финансированию террористов - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2022
Урыстәыла АШәМ Колумбиа атәылауаҩ игәиҽаннаҵеит аԥшыхәрамҩаԥгара шзалымшо
Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы адырра ҟанаҵеит ЕАА аилахәырақәа рҿаҵала урыстәылатәи ар ирзырхоу афеикқәа алазырҵәоз Колумбиа ауаҩԥсы иганахьала ашьаусҭҵаара шхыркәшоу азы. Ари ахаҿы Москва ахәаахәҭратә центрқәа руак аҿы ателефонқәа ықәиргылон, урҭ рыла аоператорцәа урыстәылатәи ар Украина рхымҩаԥгашьаз афеикқәа алаирҵәаларц ҳәа ахара ихараҵоуп.
Аилак аҿы иазгәарҭеит иара еиҿкааз агәыԥ дшалахәыз, иумҭақәа напхгара шрырҭоз аҳәаанырцәуаа. Ацәгьоуцәа иҷыдоу абот-фермақәа рхы иархәаны аоператорцәа урыстәылатәи ар Украина рхымҩаԥгашьаз афеикқәа аладырҵәон. Хиральдо Сараиа инапы ианын асмартфонқәа раахәара, урҭ русура ашьақәыргылара.
Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә Маҵзура адырра ҟанаҵеит Колумбиа атәылауаҩ Хиральдо Сараи Альберто Енрике официалла агәҽанҵара шинаҭаз Урыстәыла Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 276 иазыԥхьагәанаҭо ацәгьоура–аԥшыхәрамҩаԥгара шзалымшо азы.
Губернатор Хабаровского края С. Фургал доставлен в СК РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2022
Ашьаусҭҵааратә еилакы Урыстәыла ар рзы афеикқәа алазырҵәоз иганахьала аусҭҵаара хнаркәшеит
Ажәабжьқәа зегьы
0