Ашьапылампыл азы ахәыҷтәы турнир "APSNY OPEN 2022" раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысуеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Футбол
Футбол  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2022
Анапаҵаҩра
Ахәыҷтәы шьапылампылтә турнир ахәмаррақәа зегьы аҟәатәи астадион "Динамо" аҿы имҩаԥгахоит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 – Sputnik. Ашьапылампыл азы Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы турнир "APSNY OPEN 2022" раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 6-11 рзы 2010 - 2011 шықәсқәа рзы ииз рыбжьара ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аицлабра акуратор, Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа ахаҭарнак Шабаҭ Логәуа.
"Атурнир аҽалархәразы акомандақәа рацәаны иааит. Ари ԥышәа бзиоуп. Сгәы иаанагоит атурнир ԥхьаҟа иҵегь аҽарҭбаауеит ҳәа. Ахәмаррақәа 25-25 минуҭ ицалоит. Актәи амш азы аицлабра иалагоит асааҭ 12:00 рзы, анаҩс асааҭ 9 рзы. Ахәмаррақәа раан ишиашо ицо аефирқәа ҟалоит", - иҳәеит Логәуа.
Урҭ урыхәаԥшыр ҟалоит Apsny Open YouTube-канал аҿы.
Аицлабрақәа ирылахәхоит 2010 шықәса рзы ииз: "Динамо" - Аҟәа, "Академиа Рамзан" - Грозныи, "Аланиа" - Владикавказ, Лугансктәи акоманда, Академиа "Зенит" Аԥсны иҟоу афилиал акоманда, владикавказтәи "Аланиа-2", Гагра ахәыҷы-қәыԥштә спортшкол, ДЖәР акоманда, "Алекс" - Аҟәа, "Спартак" - Симферополь, "Девиатка" - Агәыӡера.
2011 шықәсазы ииз ркомандақәа – "Алекс" – Аҟәа, Луганск акоманда, "Локомотив КДЮСШ 5" - Донецк, "Аpsny Group", Академиа "Зенит" Аԥсны иҟоу афилиал акоманда, "Академиа Рамзан" - Грозныи, "Спартак" - Симферополь, "Риҵа" - Гәдоуҭа, "Динамо" - Аҟәа, ДЖәР, "Чайка" – Песчанокопское, Гагра ахәыҷы-қәыԥштә спортшкол. Аиҿкааҩ - ашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа.
Ажәабжьқәа зегьы
0