Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2022 шықәса ажьырныҳәаахыс Аҟәа 95% ацәгьоурақәа аарԥшуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Машины милиции Абхазии
Машины милиции Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.12.2022
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа ахада 2022 шықәса ажьырныҳәа-абҵара амзақәа рызтәи аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. 2022 шықәса ажьырныҳәаахыс Аҟәа 95% ацәгьоурақәа аарԥшуп, 246 цәгьоура рҟынтәи иаарԥшуп 234.
Аҟәа ақалақь ААР ахада Асҭамыр Ҳагәышь аминистр иҿаԥхьа 11 мзтәи аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит.
Иара иазгәеиҭеит ари аамҭазы аӡбарҭақәеи аусҭҵаарақәеи ирцәыбналаны иҟаз жәҩык ауаа шаанкылоу.
Ҳагәышь иажәақәа рыла азхьаԥшра ду аҭан аҿар рыбжьара ацәгьоурақәа разԥхьагәаҭара, зықәра намӡац аус рыцура.
Ажьырныҳәамзаахыс аҭаацәа алархәны 54-ҩык ақәыԥшцәа ашәҟәы иҭагалан, рҿахәы рҿыхын, иагьрыҿцәажәан. Абри азы аматериалқәа зықәра намӡац рзы акомиссиахь инашьҭын. Зықәра намӡац русқәа рзы Ахылаԥшырҭаҿ ашәҟәы иҭагалоуп жәҩык.
Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аусуҩцәа есыҽны амҩақәа рҿы иааларҟьаны агәаҭарақәа мҩаԥыргоит азинеилагарақәа раарԥшреи раԥырҟәҟәаареи рзы. 11-мзы рыҩнуҵҟа амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы аҭакԥхықәра иақәыршәоуп 14628 –ҩык.
Ауаажәларра ршәарҭадара амилициа аҟәшақәа административтә ҭакԥхықәра иаҵадыргылеит 412-ҩык, урҭ рҟынтәи 227-ҩык анаркотикқәа ахрархәарази амедицинатә гәаҭара мап ахьацәыркызи.
Иаарԥшуп 70 цәгьоура изакәанымкәа анаркотикқәа реикәыршараз. Анаркотикқәа рыҭиразы еиҿкааз ацәгьоуратә гәыԥқәа хәба рус аԥырҟәҟәаауп.
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба анапынҵа ҟаиҵеит ауааԥсыра рзыҳәарақәа ашәҟәы рҭагалараз аусура рӷәӷәазарц.
"Иарбанзаалак атәылауаа рырзаҳалқәа, рзыҳәақәа ашәҟәы иҭагалатәуп. Иҟоуп уи зҭахым атәылауаагьы, избанзар анаҩстәи апроцедуратә нормақәа ирхыслатәуп, аха ҳара иаҳусуп аус аҵыхәанӡа анагӡара. Арҭ ауаа азин аиааира шаго агәра дыргалатәуп", - ҳәа иҳәеит Быҭәба.
Аминистр иазгәеиҭет амилициа аусзуҩцәа ауаажәларра ршәарҭадарала хымԥада ишықәныҟәалатәу атәылауаҩ изинқәеи ихақәиҭреи ахьчараз.
Ажәабжьқәа зегьы
0