Путин адунеи аҿы аимакқәа реизҳара Мраҭашәара аполитикоуп изыдҳәалоу ҳәа иҳәеит

© Sputnik / Сергей Ильин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел заседание Совбеза РФ
Президент РФ В. Путин провел заседание Совбеза РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.12.2022
Анапаҵаҩра
Аусеицураз Шанхаитәи аиҿкаарақәеи Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Реидгылеи ртәылахьчаратә усбарҭақәа рхадацәа реиԥылара мҩаԥысуеит Москва, ԥхынҷкәын 9 рзы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин, Аусеицураз Шанхаитәи аиҿкаарақәеи Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Реидгылеи ртәылахьчаратә усбарҭақәа рхадацәа реиԥылараҿ иҳәеит адунеи аҿы аимакқәа рхыԥхьаӡара аизҳара Мраҭашәара аполитикоуп изыдҳәало ҳәа. Ахада ивидеоааԥхьара Кремль аофициалтә саит аҿы ицәыргоуп.
Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит Азиа, Африка, Латынтәи Америка рҿы ишалагаз зсуверинитети ззинқәеи рыхьчара хықәкыс измоу аҿиаратә центр ҿыцқәа реиҿкаара.
"Иара убри аан адунеи аҿы аимакқәа ҿиоит. Урҭ Мраҭашәаратәи аелитақәа излалшалакгьы аполитикатә, аекономикатә, афинанстә, арратә, аидеологиатә ԥыжәара аиура рҽахьазыршәо ауп изыхҟьо. Дара ишырдыруа жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа еиҵарҟьарц иаҿуп", - ҳәа иҳәеит Путин.
Путин инаҵшьны иазгәеиҭеит ЕАА зхадараҿы иҟоу Мраҭашәаратәи атәылақәа амч рхы иархәаны НАТО агеографиа шдырҭбаауа, ахақәиҭра зҭаху атәылақәа ишрықәымчуа, аекономикатәии ахәаахәҭратәии санкциақәа закәаншьаҭада ишрыдыркыло.
Мраҭашәара жәашықәсала Украина ахы ианархәон, аресурсқәа ахатәнатәуан, атәыла колониак аҳасаб ала иазнеиуан. Уажәы–украинатәи ажәлар Урыстәыла иаҿадыргылоит ҳәа иҳәеит Владимир Путин.
Встреча С. Лаврова с выпускниками вузов, принятыми на работу в МИД - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.12.2022
Лавров: НАТО аҽырҭбаара Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи риезыҟазаашьаҿы ихадоу мзызны инхоит
Иара иазгәеиҭеит ԥхьаҟа ШОСи ИАРи рҳәаақәа ирҭагӡаны ишырҿиалатәу арра-техникатә усеицура, аҭынчреиҿкааҩцәа ООН аоперациақәа ирылахәхартә аҟаҵара.
Путин иара убасгьы иҳәеит активла ШОСи ИАРи русеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны арратә кадрқәа рҟазара ишацҵалатәу, уи азы Урыстәыла арратә ҵараиурҭақәеи академиақәеи рылшарақәа ахрархәара шрыҭалатәу.
Ажәабжьқәа зегьы
0