Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Абылраҽацәыхьчара-еиқәырхаратә ҟәшақәа ҩба аусура иалагоит Гагра араион аҿы

© Sputnik Пожарный отряд
Пожарный отряд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.12.2022
Анапаҵаҩра
Цандрыԥшь аҳаблаҿы абылраҽацәыхьчара-еиқәырхаратә станциа ахыбра ҿыц аргылареи Гагра абылраҽацәыхьчара-еиқәырхаратә станциа ахыбра аремонт азуреи ирзоужьуп 25 миллион мааҭ.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 – Sputnik, Бадри Есиава. Абылраҽацәыхьчара-еиқәырхаратә ҟәшақәа ҩба аусура иалагоит Гагра араион аҿы, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гагреи Гагра араиони рыхьчаразы абылраҽацәыхьчара-еиқәырхаратә отриад аштаб аиҳабы Давид Бганба.
Иара иазгәеиҭеит 2023 шықәса актәи азбжазы Цандрыԥшь аҳаблаҿы ишхыркәшахо абылраҽацәыхьчара-еиқәырхаратә станциа ахыбра ҿыц аргылара. Уа идыргылоит иҷыдоу атехника ҩба, иара убас 14-ҩык аусзуҩцәа уахыки-ҽнаки аус зуло.

"Ахыбра ҿыц ҟалоит Лакоба имҩаҿы, уи аҭыԥ алхын аҳаблаҿы џьара машәырк ҟалар иаҳа ирласны уантәи анеира ахьалшо азы. Ахыбраҿы еихагылак ҟалоит, уа ҩ-машьына ҷыдак ахьдыргылаша аҭыԥ аиуеит, унапы ӡык ахьақәуҭәаша ауада, аԥсшьарҭа, акрыфарҭа, аҵара ахьырҵаша акласс, аҟарул аиҳабы иуада, абылраҽацәыхьчаратә хәҭа аиҳабы, адиспетчертә уада, адиспетчер иԥсшьарҭа уада, ашьҭаҵарҭа", - иҳәеит Бганба.

Давид Бганба иажәақәа рыла, иахьа аҷаԥшьара иалагоит абылраҽацәыхьчара-еиқәырхаратә хәҭа аусзуҩцәа хҩык, ихианы игылоуп иҷыдоу атехникагьы. Аусбарҭа анапхгара ргәы иҭоуп шьаҿа-шьаҿала уахыки-ҽнаки иҷаԥшьо амцарцәаҩцәа-аиқәырхаҩцәа рхыԥхьаӡара 12-ҩык рҟынӡа ацҵара.
Ахыбра азеиԥш ҵакыра 324 метра ԥшьыркца иҟалоит иҳәеит Бганба, иагьазгәеиҭеит уи аргылара шымҩаԥысуа Аԥсны АҶА, иара убас Гагра араион анапхгара рымч ала, аҭыԥантәи анаплакыҩцәа рыцхыраара рыманы. Апроект иақәхарџьхоит 15 миллион мааҭ.
2022 шықәса ԥхынҷкәынмзазы иара убас Гагра ақалақь Абааҭа азааигәара иҟоу Арӡынба имҩа, 17 аҿы игылоу абылраҽацәыхьчара-еиқәырхаратә хәҭа ахыбра аремонт иалагеит. Бганба ишазгәеиҭаз ала, ахыбра ргылан XX ашәышықәса алагамҭазы абылаҽацәыхьчаратә хәҭа уа иҟаларц азы, иара Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынха иаҵанакуеит.
Ари ахыбра аусура иаҟәыҵит 1998 шықәса рзы уи аныҟәгаразы аԥара ахьыҟамыз иахҟьаны. Аусзуҩцәа ииаргеит Аҟәатәи амҩаду, 4 аҿы иҟоу абылраҽацәыхьчаратә ҟәшахьы.
Ахыбра аремонт азыруеит ареспубликатә биуџьет ахарџь ала. Иазоушьҭуп 10 миллион мааҭк. Аусурақәа анхыркәшахо макьана еилкаам.
Министр по чрезвычайным ситуациям Лев Квициния доложил премьер-министру Александру Анквабу о результатах деятельности ведомства - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2022
Аԥсны
Лев Кәыҵниа АҶА жәымзтәи аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит
Ажәабжьқәа зегьы
0