Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аконституциатә ӡбарҭа автоматизациа зызуу аинформациатә система аларгалаӡом

© Sputnik / Томас Тхайцук Судебный молоток
Судебный молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.12.2022
Анапаҵаҩра
Автоматизациа зызуу аӡбарҭа аинформациатә система (АСИС) – ари иаку технологиатә платформоуп, хықәкы хадас иамоуп аӡбаҩцәеи аӡбареиҿкаара алахәылацәеи релектронтә еимадара аиҿкаареи аӡбарҭатә система аҩаӡарақәа зегьы рыбжьара аелектронтә еимадара еиҿкаареи.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент аҩбатәи аԥхьарала "Аӡбарҭатә мчрақәа рзы" азакәан аиҭакрақәа аланагалеит.
Аиҭакрақәа инарықәыршәаны Аконституциатә ӡбарҭа Автоматизациа зызуу аӡбарҭа аинформациатә система – АСИС алагалара аҟынтәи ахы иақәиҭтәуп.
Автоматизациа зызуу аӡбарҭа аинформациатә система алагалара ахықәкқәа аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа рыбжьара заанаҵтәи аус адуларазы аматериал аихшаразы лҵшәа аиуам. Хра амам аус азыӡырыҩраангьы, избанзар заанаҵ иҭызҵааз, ажәахә ҟазҵаз аӡбаҩ ихьмырԥшыкәа аихшьаалатә лкаақәа Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа алахәылацәа еицымҩаԥыргоит, аҵыхәтәантәи аӡбамҭагьы здызкыло Аконституциатә ӡбарҭоуп ҳәа аҳәоит аилыркааратә шәҟәаҿы.
Адепутат Дауҭ Хәытаба иажәақәа рыла, асистема АСИС Аконституциатә ӡбарҭа аусурахь алагалара ахәҭаны иҟам аӡбарақәа зегьы ахьеицрыдыркылои, аӡбарҭа аусқәа аудиои авидеои рыла иахьыԥкаанырҵои азы. Уи адагьы ари асистема аламгаларазы ирыдыркылаз аӡбамҭа иабзоураны 14 миллион мааҭ аҳәынҭқарратә ԥара аекономиа аиуеит.
2014 шықәсазы Аԥсны Апарламент аҿы актәи аԥхьарала ирыдыркылеит "Аӡбарҭатә мчрақәа рзы" азакәан. 2012 шықәсазы ихацыркыз аӡбарҭатә система ареформаан еиҳа ихадароуп ҳәа иԥхьаӡаны аӡбарҭақәа рҿы аус адулара иалагеит аӡбарҭа-аинформациатә система. Аха иара алагалара акырынтә инахахьеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0