Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Донецк 2014 шықәса раахыс зегь реиҳа иӷәӷәоу ааха арҭеит

© Sputnik / Михаил Голенков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчения Балтийского флота по управлению артиллерийским огнем в Калининградской области
Учения Балтийского флота по управлению артиллерийским огнем в Калининградской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.12.2022
Анапаҵаҩра
Украинатәи ар 40 ракета РСЗО "Град" ала ирылахысит Донецк араионқәа –Ворошиловтәи Киевтәи.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Донецк 2014 шықәса раахыс зегь реиҳа иӷәӷәоу ааха арҭеит иҳәеит ақалақь ахада Алексеи Кулемзин.

"Иахьа ашьыжь асааҭ 07.00 рзы Донецк агәы 2014 шықәса раахыс зегь реиҳа иӷәӷәоу ааха аҭан", - ҳәа иҩит ихатәы Telegram-канал аҿы.

40 реактивтә хгәыцә ақалақь агәы иалаҳаит. Иҟоуп аҩнеихагылақәа ираахазгьы.
"Иҟалаз зыблала избаз ирҳәеит Ватутин имҩа, абульвар "Школьныи", Театральнаиа амҩаду, астуденттә қалақь рҟны аҩнеихагылақәа ааха роуит ҳәа. Аахақәа ҟалеит апроспект "Мира", "50 лет СССР" амҩаду, Шевченко ихьӡ зху абульвар рҿы. Ахәыҷбаҳча №15 аҟны ашәқәеи аԥенџьырқәеи ҭыҟьҟьеит", - ҳәа иҳәоит Кулемзин.
Ааха зауыз ирызку аинформациа ҭырҵаауеит.
ДЖәР ахаҭарнакраҿы ирҳәоит Украина арратә цәгьоурақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа реицхылаԥшреи реиҿкаареи рзы Ацентр (СЦКК) адыррала Киевтәи араион иақәкны иҭырҟьан "нато" иаҭыжьымҭоу, зыҭбаара 155 миллиметр иҟоу ахгәыцәқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0