Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны иҭрыжьит ахәыҷқәа рзы Аконституциа

© Sputnik / Томас ТхайцукКонституция РА
Конституция РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.12.2022
Анапаҵаҩра
Ашәҟәаҿы бызшәа мариала иалацәажәоуп аҳәынҭқарра закәу, атәылауаа зинқәаси хақәиҭрақәаси ирымоу, амчра ахырхарҭа хадақәа хԥа реинырра шеиҿкаатәу.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Аԥсны иҭрыжьит ахәыҷқәа рзы Аконституциа ҳәа рҳәеит ателеканал "Абаза-ТВ" аефир аҿы.
Ашәҟәы аҭыжьра лаԥшьгамҭоуп Аконституциатә ӡбарҭа аиҳабы Лиудмила Хоџьашьвили.
"Еиҵагыло Аԥсны Аконституциа ахьынӡардыруа, урҭ адыррақәа апрактикаҿ рхы иахьынӡадырхәо аныԥшуеит ҳҳәынҭқарра уаҵәтәи амш аҭагылазаашьа, ҳажәлар рҵарадырра. Аԥсадгьыл ахь абзиабара адагьы, ахәыҷы дшыхәыҷу Аконституциа иҳардырыр, иҟәышу, ихәыцуа, аԥеиԥш змоу, аграждантә еилазаара аинститутқәа рҟны ҳтәыла аӡыргара зылшо аҿар ҳауеит", - лҳәоит Хоџьашьвили.
Ашәҟәазы аиллиустрациақәа аԥырҵеит ахәыҷтәы ҟазаратә центри арт-студиеи рҵаҩцәа. Асеиԥш ашәҟәы аҩычара азырхоуп аудиториа хада – ахәыҷқәа аинтерес рызцәыргара. Зынӡа иҭыжьуп ҩ-нызқь цыра.
Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩ Диана Ԥлиаԥҳа лажәақәа рыла, асиужетқәа ашколхәыҷқәа иддырдыруеит аҳәынҭқарра закәу, уи атәылауаа зинқәаси хақәиҭрақәаси ирымоу, амчра ахырхарҭа хадақәа – анагӡаратә, азакәанԥҵаратә, аӡбарҭатә аус шыруа.
Конституция РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.11.2022
Аԥсны
Аԥсны Азакәан хада рыдыркылеижьҭеи 28 шықәса ҵит
Аԥсны иҟоу Россотрудничество анапхгаҩы Дмитри Федотов иазгәеиҭеит ари ашәҟәы аҭыжьра шыхҭыс дуу.
"Иахьатәи абиԥарақәа роуп ԥхьаҟа ареспублика ахьӡ ҭызго, аӡбахә зҳәо. Акраҵанакуеит ззинқәа здыруа, ахыхьчара зылшо ауаҩы даныҟоу", - иҳәеит иара.
Аҟәа ақалақь ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа иазгәалҭеит ашәҟәы ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рахь ишынашьҭхо, аусбарҭа анапхгара аиҭаҭыжьразы ақалақь аиҳабыра рахь аҳәара шыҟарҵо.
Ажәабжьқәа зегьы
0