Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Санкт-Петербург имҩаԥысуаз афестиваль аҟны ахәыҷтәы ансамбль "Афырҭын" Гран-при агеит

© Foto / Мурат КрияДетский ансамбль "Афыртын" завоевал Гран-при на фестивале в Санкт-Петербурге
Детский ансамбль Афыртын завоевал Гран-при на фестивале в Санкт-Петербурге  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.12.2022
Анапаҵаҩра
Ахореографиатә еицлабра "Гранд Премиум" Аԥсни Урыстәыла арегионқәеи рҟынтәи 60 коллектив алахәын.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 – Sputnik, Бадри Есиава. Ахәыҷтәы ансамбль "Афырҭын" Гран-при агеит Санкт-Петербург имҩаԥысуаз афестиваль аҟны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аколлектив анапхгаҩцәа ируаӡәку Мураҭ Қриа.
Афестиваль иалахәын 60 коллектив Урыстәыла арегионқәеи Аԥсни рҟынтәи. Актәи атур аан "Афырҭын" иқәнаргылеит "Аурашьа", "Аварцәа рыкәашара". Аҩбатәи атур аҿы – "Аԥсуа жәлар рыкәашара".
© Foto / Мурат Крия

Санкт-Петербург имҩаԥысуаз афестиваль аҟны ахәыҷтәы ансамбль "Афырҭын" Гран-при агеит

Санкт-Петербург имҩаԥысуаз афестиваль аҟны ахәыҷтәы ансамбль "Афырҭын" Гран-при агеит - Sputnik Аҧсны
1/3

2/3

3/3

"Актәи атур аҿы 95 балл ҳауит ҩ-кәашарак рзы 100 баллк рҟынтәи. Аҩбатәи атур ахь инеит 40 коллектив кәашарак-кәашарак рыманы. "Аԥсуа жәлар рыкәашараз" 50 балл ҳауит, уи алагь "Гран-при" ҳанашьахеит. Иалахәыз зегьы рыҩаӡара ҳаракын. Ҳара ҷыдала иҳандаҭлон Москватәи аобласт ансамбль "Зеленоград", - иҳәеит Қриа.
"Афырҭын" Санкт-Петербург даара ибзиан ирыдыркылеит, ахәаԥшцәа хаҳхит, уи арҵабыргуан имеихсыӷьуаз анапеинҟьара иҳәеит иара.
Аколлектив 40-ҩык рыла ишьақәгылоуп. Санкт-Петербургҟа ирыцын анапхгаҩцәеи аҭаацәеи. Зынӡа амҩа иқәлеит 90-ҩык. Ахарџьқәа аҭаацәа аҵагылеит.

"Ахәыҷқәа зегь ргәаԥхеит, маҷк амҩа ишарааԥсазгьы. Дара, аиашаз, Гран-при иазыԥшымызт, даара иџьаршьоз хҭысхеит. Ишаиааиз анрыларҳәа ашьҭахь асценахь еиҭацәырҵны икәашеит", - иҳәеит Қриа.

Апрограмма хада адагьы афестиваль аҿы иазгәаҭан фҩык рҟынӡа алахәны ансамбльқәа реиндаҭлара. Араҟагьы "Афырҭын" актәи аҭыԥ аннакылеит.
Қриа иажәақәа рыла, ҽааны, хәажәкырамзазы "Афырҭын" ахореографитә фестиваль ахь Минскҟа инарыԥхьеит.
Ахәыҷтәы ансамбль "Афырҭын" аԥиҵеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лев Қьецба 2002 шықәсазы. Аколлектив напхгара арҭоит Мураҭ Қриеи Алиас Барцыци.
Детский ансамбль Афыртын - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2021
Гагратәи ансамбль "Афырҭын" Гран-при анаршьеит шәачатәи афестиваль аҿы
Ажәабжьқәа зегьы
0