Урыстәыла Абанк ихадоу ашықәстә зыԥҵәа 7,5% ҳәа ишьақәнаргылеит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФлаг на здании Центрального банка РФ.
Флаг на здании Центрального банка РФ. - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.12.2022
Анапаҵаҩра
Абанк азыԥхьагәаҭарала 2023 шықәсазы ашықәстә инфлиациа 5-7% еиҵахоит, 2024 шықәсазы 4% ҟалоит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Абанк хада Адиректорцәа рхеилак ихадоу ашықәстә зыԥҵәа 7,5% ҳәа ишьақәнаргылеит ҳәа аанацҳауеит Абанк Telegram-канал аҿы.
Абанк аналитикцәа ахәқәа рышьҭыҵра аҩцам, аахәаратә ҭахра аҽынкылашьа иақәшәоит ҳәа азыршьоит.
Иазгәаҭоуп урыстәылаа аинфлиациа ишазыԥшыц иазыԥшуп ҳәа, убри аан анҭыҵтәи ахәаахәҭра аҭагылазаашьақәа еиҳахеит, аха абиуџьеттә политика рԥсыҽуп. Иреиҳау азыԥҵәазы аӡбарақәа ԥхьаҟа ирыдыркылалоит аинфлиациатә динамика ишыҟоуи ишазыԥшуи ирҿырԥшны, аекономика аструктуратә еиҭеиҭакра апроцесси аҩнуҵҟатәии адәныҟатәии афинанстә шәарақәеи ирхьырԥшны.
Жәабранмза анҵәамҭаз Урыстәыла аганахьала асанкциақәеи афинанстә џьармыкьаҿ изызҳаз авалиута акаҳареи ашьҭыҵреи рзыԥҵәа иаразнак 10,5 процент аҟынтә 20% аҟынӡа ишьҭырхит. Аха мшаԥы 8 рзы аӡбара рыдыркылеит ашықәстә зыԥҵәа 17% рҟынӡа илаҟәхарцаз. Мшаԥы анҵәамҭаз уи даҽа 3 процентк илаҟәны 14% рҟынӡа илеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0