Анџьелина Џьоли Еиду амилаҭқәа реиҿкаараҟны лмаҵура аанлыжьит

© AFP 2023 / UNHCR/Edward ParsonsАктриса и посол доброй воли ООН Анджелина Джоли помогает взвешивать и обмерять детей в одном из лагерей Управления Верховного комиссара ООН по делам беженцев в африканском государстве Чад
Актриса и посол доброй воли ООН Анджелина Джоли помогает взвешивать и обмерять детей в одном из лагерей Управления Верховного комиссара ООН по делам беженцев в африканском государстве Чад - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.12.2022
Анапаҵаҩра
Актиорра адагьы, Анџьелина Џьоли адунеи аҿы деицырдыруеит имҩаԥылго агуманитартә усурала - 20 шықәса инареиҳаны лара аус луан Еиду амилаҭқәа реиҿкаара асистемаҟны, ауаҩы изинқәа лыхьчон, ахҵәацәа рыпроблемақәа лыӡбон.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik. Голливудтәи актриса Анџьелина Џьоли Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Ахҵәацәа русқәа рзы Иреиҳаӡоу акомиссар иусбарҭа иҷыдоу ацҳаражәҳәаҩ имаҵура аанлыжьит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Ахҵәацәа русқәа рзы Иреиҳаӡоу акомиссар иусбарҭа асаит аҟны икьыԥхьу арзаҳал шьаҭас иганы.
Џьоли ари амаҵура аанылкылон 20 шықәса инареиҳаны - 2001 шықәса раахыс.
"20 шықәса инареиҳаны Ахҵәацәа русқәа рзы, урҭ рзинқәа рыхьчаразы, рыԥсҭазаара аиҷаҳаразы ЕАР Амаҵзура лхы мшаҭакәа аус ацура ашьҭахь Анџьелина Џьоли Иреиҳаӡоу акомиссар иусбарҭа иҷыдоу ацҳаражәҳәаҩ имаҵура аанлыжьуеит, дагьиасуеит еиҳа иҭбаау агуманитартә зҵаарақәеи ауаҩы изинқәа рыхьчара рызҵаарақәеи рыӡбаразы", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Иара уаҵәҟьа икьыԥхьуп актриса лхаҭа лажәақәа, лара адырра ҟалҵеит агуманитартә хырхарҭаҿы аусура лгәы ишҭоу, "ахҵәацәа ирзеиӷьхаша аусура ишиашоу аиҿкаареи урҭ ирызку аҭыԥантәи аиҿкаарақәа аус рыцуреи, рыпроблемақәа рыӡбареи".
Голливудтәи актриса ЕАР асистемаҿы аус луеит 2001 шықәса раахыс. Агуманитартә усқәа рынагӡара дацны лара дырҭааит еиуеиԥшым арегионқәеи ишәарҭоу аҭыԥқәеи, иаҳҳәап, Кениа, Таиланд, Еквадор, Судан, Косово, Иорданиа иҟоу ирактәи ахҵәацәа рлагерқәа, Украина, Нхыҵ Кавказ. 2005 шықәса рзы Анџьелина Џьоли иланаршьеит ЕАР Агуманитартә премиа.
Ажәабжьқәа зегьы
0