Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Еилкаахеит "Apsny-Star" актәии аҩбатәии асезонқәа рлахәылацәа рыхьӡқәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Кастинг на ApsnyStar
Кастинг на ApsnyStar - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.12.2022
Анапаҵаҩра
Амузыкатә шоу аиҿкааҩцәа ринформациала акастинг иалахәын 70-ҩык рҟынӡа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Амузыкатә проект "Apsny-Star" авторцәа актәии аҩбатәии асезонқәа рлахәылацәа алыркааит.
Аԥҟарақәа инарықәыршәаны асезонқәа рыҩба ирылахәхароуп 15-15-ҩык. Урҭ нас хҩык анапхгаҩцәа ркомандақәа рахь иргоит. Анапхгаҩцәа ркомандақәа рҟынтә анаҩс ҩыџьа-ҩыџьа ахԥатәи асезон аҿы еиндаҭлалоит.
Апроект актәи асезон ахь иалкаауп: Аслан Бесланиԥа, Самвел Миракиан, Диана Ԥиԥиаԥҳа, Амина Џьарсалиаԥҳа, Анри Лакашьиа, Софиа Миаукина, Миранда Мархолиаԥҳа, Лола Ҟалӷьԥҳа, Викториа Лабиаԥҳа, Шьаҳан Сиргьинааԥҳа, Адгәыр Лазариа, Иракли Џьумутиа, Аслан Шьакаиа, Елана Кәарҷиаԥҳа, Нар Нанба.
Апроект аҩбатәи асезон ахь иалкаауп: Асҭамыр Вартанов, Инна Коионова, Нила Наҷҟьебиаԥҳа, Сариа Аииԥҳа, Диана Карбашьиан, Рената Хаџьиева, Муслим Ларго.
Аҩбатәи асезон азы имҩаԥгахоит акастинг цҵа, уахь иалагалахар ҟалоит актәи акастинг аан иалкаамыз.
Акомпозитор Анри Гәымба иҳәеит акастинг ахь иааиз рынагӡашьа аҩаӡара ҳарак шамаз.
"Жәашықәса раԥхьа апроект аныҟаҳҵоз, аинформациатә ҵакыра уажәеиԥш иҿиамызт. Уажәы аинформациа рацәоуп, аҿар ираҳауагьы рацәоуп", - иҳәеит иара.
Актәи асезон алахәыла Викториа Лабиаԥҳа илҳәеит амузыкатә ҵараиурҭа ашьҭахь лхы ԥылшәарц шылҭахыз.
"Иҿыцу ак сҭахуп сыԥсҭазаараҿы, исылоу збар сҭахуп, стәыла, сыуацәа-сҭынхацәа, адунеи зегьы сырбарц сҭахуп – абар сара, Викториа Лабиаԥҳа", – лҳәеит лара.
Самвел Миракиан Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа далгеит. Иара иажәақәа рыла, "Apsny-Star" дхәыҷаахыс далахәхар иҭахын.
"Сшалыркаауаз агәра згон", – иҳәеит иара.
Елана Кәарҷиаԥҳа еиҭалҳәеит иаалырҟьаны ишылыӡбаз акастинг далахәхарц, дагьшаиааиз.
"Сара сзы ихадаран сҟыбаҩ аарԥшра. Исзыӡырҩырц, исҳәо раҳарц сҭахын. Иҟоуп ааира иацәшәо, иҟоуп уи ашәара иаиааиуа", - лҳәеит лара.
Гәымба «Аpsny-Star ахь алԥшаарақәа рзы: избаз саршанхеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.12.2022
Арадио
Гәымба "Аpsny-Star" ахь алԥшаарақәа рзы: избаз саршанхеит
Актәи асезон раԥхьатәи аконцерт жәабранмзазы имҩаԥгахоит. Алахәылацәа рашәақәа ахәшьара рырҭоит арҵаҩцәа. Иреиӷьу рыла еиҿкаахоит акомандақәа.
"Аусутә ду ҳзыԥшуп. Зхаҭабзиара ҳараку ашоу мҩаԥаагароуп. Жәашықәса раԥхьа аасҭа шәазыҟаҵоуп ҳәа исыԥхьаӡоит, уи агәахәара унаҭоит. Зегь шәнапы иакуп. Аранӡа шәааизар – аҟыбаҩ ҷыда шәылоуп", - иҳәеит апроект апродиусер Роланд Бганба.
Апроект "Аpsny-Star" Аԥсны акультура аминистрра адгыларала еиҿкаауп. Аспонсор хада – амобилтә еимадара "Аквафон". Sputnik Аԥсны апроект "Аpsny-Star" аинформациатә ӡыргараҟны адгылара анаҭоит.
Апроект аҟны аиааира зго аԥхьахә ҳасабла Гнесинаа рыхьӡ зху амузыкатә академиаҿы хәыда-ԥсада аҵараҵаразы алшара иоуеит.
Пресс-конференция организаторов музыкального телепроекта Апсны- Star - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2022
Аԥсны
Аиҭарҿыцра: апроект "Аԥсны-Star" жәашықәса рышьҭахь ихынҳәит
Ажәабжьқәа зегьы
0