Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Абзиабареи аԥсреи: Ибрагим Чкадуа ифильм ҿыц аӡыргара мҩаԥысит Sputnik аҟны

© Sputnik / Томас Тхайцук Показ и презентация фильма Ибрагима Чкадуа "Портрет"
Показ и презентация фильма Ибрагима Чкадуа Портрет - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2022
Анапаҵаҩра
Ари афильм аамҭа уадаҩқәа раан иузааигәоу рыбзиабара, адунеиаҿ иҟалалакгьы абзиабара аҭыԥ аҟазаара, агәалашәареи арыцҳашьареи ирызкуп.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы имҩаԥысит зметраж кьаҿу Ибрагим Чкадуа ифильм "Апотреҭ" аӡыргара.
Чкадуа афильм аҭыхра адагьы асценари иҩит.
"Ажәамаана аԥсра атема иалацәажәоит. Иара аҭыхра сгәы ианҭаскыз COVID-19 алаҵәара аман. Ҭаацәала аԥсҭбарақәа ыҟан. Аԥсра уаҩ дахыччом. Аԥсуаа аԥсра мексикаа реиԥш иазыҟоуп – иацәшәоит, пату ақәырҵоит, зны-зынлагьы ршәара рҵәахырц акәхап иахыччоит", - ҳәа иҳәоит Чкадуа.
Актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа афильм афырхаҵа хада – афотоҭыхыҩ ироль неигӡеит. Аҩбатәи аперсонаж ироль неигӡеит Сырбеи Сангәулиа.
"Сара иаразнак Џьамбул ароль хада данаалоны дызбеит. Аҭыхра аамҭа ҳцәагеит. Иақәшәоз аамҭаз иҭыхтәын. Убри аан актиорцәа рыҽдырԥсыҽыр ҟаломызт. Аҭыхрақәа аамҭа анрыбжьалалак иуадаҩуп. Аха зегь маншәалахеит. Аусеицура мариан", - ҳәа иҳәоит Чкадуа.
Џьамбул Жорданиа иҳәеит ажәамаана данаԥхьа иара аԥсихологиатә кәамаҵамара шџьеишьаз.
"Ари сценариӡамызт, ижәабжьын. Ауаҩы афотоҭыхыҩ иахь саныԥслак ҳәа ифотосахьа ҭихырц дшааиз атәы зҳәоз жәабжьын. Атыҟәаҿ уаннеиуа еилукаауеит арҭ ацәаныррақәа ҳахьынӡарыцәшәо. Ҳҭаацәа 50-50 шықәса еиҳаны ишеицынхогьы ауаа рҟны реизыҟазаашьақәа рӡоит, рыԥхарра аадырԥшуам, уи акәым аӡәы ианиаҳауа игәрымуеит", - ҳәа иҳәоит Жорданиа.
Афильм аҿы апоет ҿа Аинар Ҷыҭанаа иажәақәа рыла Џьамбул Жорданиа ииҩыз ашәа нагӡоуп.
Кьасоу Ҳагба - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2019
Арадио
Ҳагба Ҷкадуа исахьаркыратә фильм ҿыц азы: уамакала асценари сгәаԥхеит
"Сара Аинар иажәеинраалақәа ирылхны ашәақәа ҩба зҩит. Аҽа ашәак иқәсыргылараны иҟоу аспектакль азы иазырхиоуп. Ари арԥыс ирҿиамҭақәа срызхьаԥшуеит. Ашәа иалнаршеит афильм аҿы иааԥшырц иаҳҭахыз ацәанырра арҵаулара, арҭбаара", - ҳәа иҳәеит иара.
"Апатреҭ" аҭыхра спонсорс иаман аилахәыра "Аҟәафон". Аилахәыра асоциалтә проектқәа рзы аменеџьер Ҭемыр Гәыргәылиа иажәақәа рыла аилахәыреи Ибрагим Чкадуеи акырҵуеит аус еицыруеижьҭеи.
"Аилахәыра ацхыраарала иара убасгьы рҭыжьра алыршахеит Ибрагим иусумҭақәа - "Ахаҳә алхра", Фазиль Искандер 85-шықәса ихыҵра иазкыз адокументалтә фильм. Уажәы афильм ҿыц ӡыргоуп", - ҳәа иҳәеит Гәыргәылиа, иагьазгәеиҭеит Чкадуа инапы иҵыҵуа аусумҭақәа ахәаԥшҩы игәаҵанӡа ишнеиуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0