Путин иааиуа ашықәс азы Урыстәыла аекономика иаԥеиԥшу атәы еиҭеиҳәеит

© Sputnik / Сергей Ильин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел заседание Совбеза РФ
Президент РФ В. Путин провел заседание Совбеза РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2022
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭхеилак ашьҭахь имҩаԥысыз апресс-конференциаҿ Путин ииасыз ашықәс аихшьаалақәа ҟаҵо далацәажәеит 2023 шықәсазы урыстәылаа ирзыԥшу.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Урыстәыла амакроекономикатә рбагақәа аанкылатәуп аекономика аҭышәнартәаларазы ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Аҳәынҭхеилак ашьҭахь имҩаԥысыз апресс-конференциаҿ.

"Амакроекономикатә рбагақәа аанкылатәуп аекономика аҭышәныртәалараз. Анахь-арахь аԥара аҟьара ҳзалыршом. Ҳара ҳҽазаҳшәалоит иааидкыланы аекономика ҭышәынтәала ҵаҵӷәыс изоуша амакроекономикатә рбагақәа рышьақәыргылараз", - ҳәа иҳәеит Путин.

Урыстәыла ахада иҳәеит 2022 шықәсазы Урыстәыла аинфлиациа 12% инахыҳәҳәар ҟалоит ҳәа. Ари "Аҩажәа Ду" атәылақәа назлоу атәылақәа жәпакы рҟны аинфлиациақәа раасҭа акыр илаҟәуп.
Атәыла амчрақәа рҽазыршәалоит 4-5% иҟоу ахықәкытә рбагақәа риура. Аинфлиациатә процессқәеи абиуџьет алагалақәеи азгәаҭаны аулафахәы аҩаӡара ашьҭахра азгәаҭоуп.
Президент РФ В. Путин принял участие во II Конгрессе молодых ученых  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.12.2022
Путин: Урыстәыла аекономика еиладырбгарц азы зеиԥш ҟамлац аҿагыларақәа мҩаԥыргоит
Ажәабжьқәа зегьы
0