Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аминистрцәа реилазаараҟны иалацәажәеит зыԥсҭазаара иалҵыз атәанчаҩы ашәҟәы иҭаҩра азҵаара

© Sputnik / Томас ТхайцукДокумент
Документ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.12.2022
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 27 рзы Аминистрцәа реилазаара аилатәараҟны ирыдыркылеит ақәҵара Аԥсны асоциалтә еиқәыршәара аминистрреи Урыстәыла аџьа аминистрреи рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа ареспубликаҿ инхо урыстәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәараз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраз.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 – Sputnik. Аминистрцәа реилазаараҟны иалацәажәеит атәанчаҩцәа рыԥсҭазаара ианалҵлак ашәҟәы рҭаҩра азҵаара. Аԥсны асоциалтә еиқәыршәара аминистр Руслан Аџьба иазгәеиҭеит атәанчаҩцәа рыԥсҭазаара ианалҵлак ашьҭахь идырым ахаҿқәа урҭ ртәанчахәқәа шамырхуа.
"Ашәарақәа мыцхәхеит, урҭ Урыстәыла Атәанчахәытә фонд иазырхынҳәтәуп. 2015 шықәса раахыс еизаз ауал 25 миллион мааҭ ыҟоуп. Убри инадҳәаланы 2022 шықәсазы ҳпарламент аратификациа зызнауыз аиқәшаҳаҭра аԥсахарқәа рылагаларазы аԥкаанҵа ҳнапы аҵааҩит. Абри аҩыза ауснагӡатә мҩаԥнагеит Урыстәылатәи агангьы", - ҳәа иҳәеит Руслан Аџьба.
Аџьба иҳәеит ари азҵаарахь ишаҵанакуа аус аӡбарагьы.
"Атәанчахәқәеи ашәарацҵақәеи ршәарахьы икылызгаз Атәанчахәытә фонд ахь инашьҭу ииашам адыррақәа ма урҭ зынӡа рыҟамҵара рганахь ала Аԥсны ААР, апрокуратура, егьырҭ аусбарҭақәа аусурақәа мҩаԥыргоит. Мызкы аҩнуҵҟала аԥарақәа ҳмырхынҳәыр, ҳминистрра аҭакԥхықәра адлоит. Убри аан аминистрра атәылауаа арҭ аԥарақәа рымнахыр азин амоуп", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Аиқәшаҳаҭра ҿыц иааннакылоит 2018 шықәсазтәи Урыстәыла Атәанчахәытә фонди Аԥсны асоциалтә еиқәыршәара аминистрреи рыбжьаратәи аиқәшаҳаҭра.
Парламент Республики Абхазия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.12.2022
Аԥсны
Атәанчахәқәа рзы аиқәшаҳаҭра апроект аиҭакрақәа ралагалара шьақәырӷәӷәоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0