Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны иҟоу аурысцәа руаԥшь миллион мааҭ Агәабзиарахьчара аминистрра ианаҭеит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБанкноты номиналом 5000 рублей
Банкноты номиналом 5000 рублей - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.12.2022
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә ҳамҭатә ԥарақәа рыла Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭаҿы амаҭәахәқәа аахәахоит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 – Sputnik. Аԥсны иҟоу аурысцәа руаԥшьи акультуреи аспорти рзы москватәи агәыҳалалратә фонд "ЮнОлимпи" Агәабзиарахьчара аминистрра ацхраараз миллион мааҭ анаҭеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Агәыҳалалратә ҳамҭатә ԥарақәа рыла Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭаҿы амаҭәахәқәа аахәахоит.
"Амедицинатә хархәагақәа раагаразы аилаӡара анапы аҵаҩуп. Аԥсны иҟоу аурысцәа руаԥшьи акультуреи аспорти рзы москватәи агәыҳалалратә фонд "ЮнОлимпи" ҭабуп ҳәа расҳәоит. Иааунырыртә иҟоу ацхыраара ҳарҭеит", - ҳәа иҳәеит аминистр Едуард Быҭәба.
Арҭ аԥарақәа рыла иаахәахоит авидеопроцессор, авидеогастроскопқәа, авидеобронхоскоп, амониторқәа уҳәа егьырҭ зыда ԥсыхәа ыҟам ахархәагақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0