Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Шаданиаԥҳа: еилыҵуа аҭаацәарақәа рхыԥхьаӡара есышықәса иацлоит

Шаданиаԥҳа: еилыҵыз рхыԥхьаӡара есышықәса иацлоит
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь АҬАР ахылаԥшҩы Наала Шаданиаԥҳа ашықәс аихшьаала ҟаҵо арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ииз раасҭа зыдунеи зыԥсахыз ҩынтә ишеиҳау, иара убас аҭаацәарақәа аԥызҵуа шырацәоугьы еилыҵуа есааира ишызҳауа атәы.
Аԥсны АҬАРқәа ашықәс аихшьаалақәа ҟарҵеит. Жәаҩамз рыҩнуҵҟа ашәҟәы иҭагалоуп ииз 1080-ҩык ахәыҷқәа, урҭ рахьынтә 519-ҩык ӡӷабцәоа, 561- ҩык ҷкәынцәоуп. Атәылаҿы ашықәс иалагӡаны здунеи зыԥсахыз ҳәа ашәҟәы иҭагалоуп 1609 -ҩык.
"Иахьа ақалақь аҩнуҵҟа 320-ҩык ҿыц ииз ахәыҷкәҳәа ҭагалоуп. Ҵыԥхтәи арбагақәа ирыҿҳарԥшуазар, арҭ ашықәсқәа рзы иаҳа имаҷуп. Зыԥсҭазаара иалҵыз 2021 шықәсазы 580-ҩык ыҟазар, иахьазы 530-ҩык ҭагалоуп. Ҩынтә еиҳауп зыԥсҭазаара иалҵыз ииз раасҭа", - ҳәа еиҭалҳәеит Шаданиаԥҳа.
Аҭаацәара иалалаз ҵыԥх 200-ҩык роуп, сынтәа 270-ҩык ҭагалоуп. Еилыҵыз рхыԥхьаӡара есышықәса иацлоит иахьазы 90-ҩык ыҟоуп ҳәа адырра ҟалҵеит АҬАР аусзуҩы, убри аан илҳәеит арзаҳалқәа иахьа мацара х-ҩык рҟынтә ишлыдылкылахьоу.
"Еилыҵуа еиҳарак 18 шықәса инаркны 30-нӡа зхыҵуа роуп, убри анаҩс, 50 инацны изхыҵуа. Ҿыц еибагаз роуп еиҳарак ҳара ҳҿы иааиуа. Зегь ирҳәо акоуп. Ҟазшьала ҳаиқәшәаӡом, аха ҟазшьала еиқәшәарцаз аӡәы ак ичҳароуп, аӡәы ак имаҳазшәа ҟаиҵароуп. Ус ианрауҳәалак иргәаԥхаӡом. Ҳара иааиуа зегьы иаразнак арзаҳал рымаҳхӡом. Заҟаҩы ҳрацәажәаны иҳаргьежьхьоу…", - ҳәа лҳәеит Шаданиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0