Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апарламент аныҳәатәи агәалашәаратәи мшқәа рзы азакәан аиҭакрақәа аланагалеит

© SputnikКалендарь на 2023 год
Календарь на 2023 год  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.12.2022
Анапаҵаҩра
Аныҳәатә мшқәа разгәаҭара адепутатцәа рнапы ианылоит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Апарламент "Аныҳәатәи агәалашәаратәи мшқәа рзы" азакәан аҵыхәтәантәи аԥхьарала аиҭакрақәа аланагалеит.
Адокумент инақәыршәаны ԥхынҷкәын 31, ажьырныҳәа 1-6, 8 иԥсшьарамшу ныҳәатә мшқәахоит.
Ажьырныҳәа 7 ԥсшьарамшны ишыҟоу иҟоуп.
Адокумент иазԥхьагәанаҭоит ажьырныҳәа 14 рзы иазгәарҭо "Адунеи аҿиара амш" "Аԥсуаа итрадициатәу рдинтә ныҳәа" ҳәа аԥсахра.
Кәырбанныҳәа уажәшьҭарнахыс аныҳәанӡа амзар мшқәа жәаба рҟынӡа шыбжьоу ирылаҳәахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0