Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа Донбасс иаҭаз ацхыраареи, ироуз аԥышәеи ирызкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа Донбасс иаҭаз ацхыраареи, ироуз аԥышәеи иазкны
Анапаҵаҩра
Шә-тоннак ацхырааратә еидара ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәеи рахь инагоуп Аԥсны ахада иҟаиҵаз анапынҵала. Ари аус знапы ианыз АҶА ахаҭарнакцәа, аминистр зхадараҿы дыҟаз Аԥсныҟа ихынҳәит. Ари агуманитартә акциа аихшьаалақәеи, уажәаԥхьа иҟаҵаз ацхыраареи, аӡын аамҭа иадҳәалоу аиқәырхаҩцәа русуреи атәы арадио Sputnik астудиаҿы далацәажәеит АҶ рзы аминистр Лев Кәыҵниа.
Аханатә Аԥсны ацхыраара аиқәыршәара ҳаналогоз, иахамыҵгылаз ҳәа дыҟам, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Кәыҵниа.
"Раионк нымхеит, ҭаацәацыԥхьаӡа ацхыраара аиқәыршәараҿы адгылара ҟарҵеит. Агәаҳәара мацара ахәаӡом ари аус аҿы, агуманитартә цхыраара амҩангара иамоуп ахатә ԥҟарақәа. Аусбарҭақәа зегьы ахаҵгылара ҳарҭеит. 180 тонн еиҳаны аидара ҳгеит. Аԥсны иқәынхо ҳазламаҷу ала – ари амҽхак ҭбаауп. Ргәакьацәа аазшәа иҳаигәырӷьоит уа. Излаҳалшоз ала, ган рацәала ацхыраара ҟаҳҵон", - иҳәеит Кәыҵниа.
АҶ рзы аминистр иҭарцәу ақалақьқәа рҿы аҭагылазаашьа атәы далацәажәеит, ҭыԥқәак рҿы ахыбрақәа рыргылара аус шцо атәы иҳәеит. Иара убас иазгәеиҭеит, уажәы Донбасс рыҟазаара иалагӡаны Ҟрым ишымҩаԥгаз рколлегацәеи дареи реиԥылара. Аӡҭалаҩцәа рааӡареи, рҵареи, рԥышәеи реизырҳаразы аиҿцәажәарақәа мҩаԥган, ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0