"Сара сиит Асовет Еидгылаҿы": Елеонора Коӷониаԥҳа лгәалашәарақәа

© Sputnik / из архива Элеоноры КогониаЭлеонора Когониа в советские годы
Элеонора Когониа в советские годы - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.12.2022
Анапаҵаҩра
2022 шықәса рзы СССР еиҿыркааижьҭеи 100 шықәса ҵит. Абри аиубилеитә шықәса ахыркәшамҭазы ишәыдаагалоит Асовет Еидгыла иалиааз, уи аграқәа шамазгьы, абзиарақәа шеиҳаз, насгьы урҭ арбақәаныз ҳазҳәо Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа ланҵамҭа.
Сынтәа 100 шықәса ҵуеит СССР анеиҿыркааз аахыс. Иҟалап исымазкуа рацәаҩхаргьы, аха исҳәарц сҭахуп уи аамҭа сара ишыгәхьаазго. 60-тәи ашықәсқәа рзы шьҭахьҟа ицахьан арепрессиақәа, ажәа ауаҩы данақәӡуаз аамҭақәа. Исҳәарц сҭахым СССР зынӡа иидеалтәыз ҳәынҭқарран ҳәа, аха, ус акәзаргьы, иахьа сахьынхо асистема аиҿкаашьа иаҿсырԥшуазар – усҟан иҟан аԥҟарақәа, алеишәа џьбара аҳәынҭқарратә системаҿы.
© Sputnik / из архива Элеоноры КогониаЕлеонора Коӷониаԥҳа асовет аамҭазы
Элеонора Когониа в советские годы - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2022
Елеонора Коӷониаԥҳа асовет аамҭазы
Иарбан ихьаазго, сзызхәыцуа, Асовет Еидгыла анысҳәо? Сара сиит, иагьсызҳаит аԥсуа қыҭаҿы, убри аҟынтәи, аџьа аус ахәыҷқәа радԥхьалара шеиҿкааз еиԥш, акультуратә, адоуҳатә ԥсҭазаара даара игәцаракын усҟан.
СССР анеилаҳа ашьҭахь, ҳара аибашьра ҳагәыдыԥшылеит. Аиааира ҳгеит уи еиҟарамыз амчқәа рҿы, иҳауит ахьыԥшымра. Аӡәы иџьеишьар ауеит, иарбан лгәы зынамӡо , изыгәхьаалго уаанӡатәи аҳәынҭқарра ҳәа. Хәажәкыра 11 1991 шықәсазы Аԥсны имҩаԥысуан ирҿыцу аиқәшаҳаҭрақәа рымҩала СССР аиқәырхаразы ареферендум. Аԥсны иқәынхоз ақырҭқәа уи абжьаҭара мап ацәыркит, ус акәзаргьы аԥсуаа уи ареферендум аҿы иаадырԥшит СССР аиқәырхра ишақәшаҳаҭу азы.
© Sputnik / из архива Элеоноры КогониаЕлеонора Коӷониаԥҳа асовет аамҭазы
Элеонора Когониа в советские годы - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2022
Елеонора Коӷониаԥҳа асовет аамҭазы
Ишәгәаласыршәоит, усҟан Қырҭтәыла ықәгылон Асовет Еидгыла алҵразы, хәажәкыра 31 1991 шықәсазы Ихьыԥшым Қырҭтәыла аҳәынҭқарразы рыбжьы дыргеит. Ҳарҭ аԥсуаа усҟан иаҳбарҭан Қырҭтәыла СССР аҩнуҵҟа ишнымхоз, убри аҟынтә, дара ршьацҳәа аԥырҵразы иҿыцу Асовет Еидгылазы аиқәшаҳаҭра зеиӷьыҟам ҭагылазаашьаны иаҳбон. Аԥсуаа ареферендум аҿы СССР аиқәырхара рыбжьы арҭеит, аха анаҩстәи СССР аҳәынҭқарра ахырбгаларазы иҟаҵаз ашьаҿақәа ихдырбгеит сара сахьиз аҳәынҭқарра.
© Sputnik / из архива Элеоноры КогониаЕлеонора Коӷониаԥҳа асовет аамҭазы
Элеонора Когониа в советские годы - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2022
Елеонора Коӷониаԥҳа асовет аамҭазы
Иахьеи усҟани анеиҿсырԥшуа, санхәыҷыз инаркны аҵара аҵареи, аԥсшьара ахгареи, еиуеиԥшым аныҟәарақәа аҽрылархәреи уҳәа, иахьатәи ахәыҷқәа злыхәдаау асистема ыҟан усҟан. Сқыҭа Кәтол 1960-1992 шықәсанӡа 1200 ҭӡы рҟынӡа нхон. Ҳашкол иҭан 1000-ҩык иреиҵамкәа аҵаҩцәа. Иахьа 200-ҩыкгьы рҟынӡа инаӡом аҵара зҵо ахәыҷқәа. Ҳара иҳаман аклуб бзиа, уаҟа иаҳдырбон акиноқәа, аконцертқәа, аспектакльқәа. Ақыҭаҿы аколнхара иадҳәалаз инаҷыданы иҟан аусурҭақәа.
Аԥхын ҳҭаацәа ҳрыцхраауан, аха иаҳдыруан апионер лагерь ахь ҳшырышьҭуаз. Анхаҩы изы уамак ихьанҭамызт уи апутиовка захьӡыз ахә ахшәаара, абжеиҳара апрофеидгыла иашәон. Аҭаацәара дуқәа рзы хәыдаԥсада ахәыҷқәа алагерь ахь рышьҭразы алшарақәагьы ыҟан.
Ашкол саналга раԥхьатәи ашықәс азы аҵара сызҭамлеит, аџьамшқәа сымазарц азы шықәсык аус зуит ашәыр ахьрыдыркылоз аусҳәарҭаҿы. Усҟантәи аԥҟарақәа рыла, ауаҩы аҵара имҵозар, аус иуазар акәын. Суалафахәы 120 мааҭ рҟынӡа инаӡон. Схы ныҟәызгаратәы иҟан уи аԥара усҟан. Иахьатәи аамҭала ҳхәыцуазар, исоуаз ала Москва ҳаирпланла сцаны саауан, уи бжьаратәла иагон 50 мааҭ. Инхаз ала снеиааир алшон.
Зегь реиҳа ихадоу ақыҭаҿы ҳара иҳаман ашәҟәыҭирҭа. Иахьа ақыҭаҿы акәым, Аԥсны араионқәа зегь рҿы ашәҟәыҭирҭақәа ыҟаӡам, убри аҟара икаҳахьеит ашәҟәыԥхьаратә культура. Усҟан иааргон ашәҟәҿыцқәа, ажурналқәа. Иҟан сҭаацәа акрыфаразы исырҭоз иахаршәаланы ианаасхәоз, мамзаргьы аусҳәарҭаҿы аус зуаз саб исзааихәон. Даара акраҵанакуан усҟан апочта аусура. Есыхәылбыҽха апочтамҩангаҩ иаҳзааигон Аԥсны иҭыҵуаз реиԥш, СССР ахи аҵыхәеи иҭыҵуаз агазеҭқәеи ажурналқәеи. Ҳара илаҳҩаар ҳалшон иарбан иаҳҭахыз алитература, бзиа иаҳбоз актиорцәа рфотосахьақәа. Иара убас, иҳауан ҳгәакьацәеи ҳҩызцәеи ирыҩуаз асалам шәҟәқәа.
© Sputnik / из архива Элеоноры КогониаЕлеонора Коӷониаԥҳа асовет аамҭазы
Элеонора Когониа в советские годы - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2022
Елеонора Коӷониаԥҳа асовет аамҭазы
Исашәҳәа, иахьа а-21-тәи ашәышықәсазы иабыкәу иахьыҟоу ари аҩыза аҭагылазаашьа? Иҟалап ари аҿатәуаа аԥхьар лакәушәа ирбаргьы, аха араҟа еиҭасҳәо усҟантәи абзиарақәа рыбжеиҭабжоуп. СССР ахаан ҳара иҳаман амотивациа – аҵара бзианы иаҳҵар, иреиҳау аҵараиурҭа ҳшаднакылоз, уи ҳалгар, аусурҭа ҭыԥқәа шҳауаз. Ҳҭаацәа ракәзар, инхаҩцәан, раагарҭагьы рацәамызт, аха рыхшара Москва, ма даҽа қалақьк аҿы аҵара иҭалартә алшара рыман, насгьы аҳәынҭқарра ахахьы иагон ахә ахшәаара. Усҟан иахьа иҟоу арепетиторра ҳәа изышьҭоу ахабаргьы ыҟамызт, ашкол аҿы акәын аҵара ахьаҳҵоз, ҳҭаацәагьы ҳадтәалаха рымамызт. Ашкол апрограмма иалаз атемақәа ракәын абитуриент аҵара данҭалоз аԥышәарақәа рҿы иԥылоз.
© Sputnik / из архива Элеоноры КогониаЭлеонора Когониа в советские годы
Элеонора Когониа в советские годы - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2022
Элеонора Когониа в советские годы
1981-1985 шықәсқәа рзы аҵара сҵон Қарҭтәи атеатртә институт аҿы. Саналгоз, сҭыԥ рхианы иҟан, атеатр аҿы аусура алагаразы аӡәгьы сиҳәомызт.
СССР ахаан апрофеидгылақәа ҳәа изышьҭоу русура бзианы еиҿкаан. Аԥхын апутиовкақәа амхны Нхыҵ-Кавказтәи аԥсшьарҭақәа рахь ацаразы алшара сыман. Ииашоуп, аҳәаанырцә ацара даара ауадаҩрақәа ацын. Исҳәар ауеит ашәқәа аркын усҟан ҳәа.
Сызлацәажәо аҳәынҭқарра аилабгамҭазы Амшын еиқәа ӷбала акәшаразы акруиз салахәын. Уи аҵыхәтәантәи СССР иадҳәалаз сныҟәарақәа роуп.
© Sputnik / из архива Элеоноры КогониаЕлеонора Коӷониаԥҳа
Элеонора Когониа в советские годы - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2022
Елеонора Коӷониаԥҳа
Ахьыԥшымразы, ақырҭуа колониалтә политика алҵразы СССР ахаан еснагь аԥсуаа ақәгыларақәа ҟарҵон. Уи апартиа амчқәа ргәы ацԥыҳәаны адгылара арҭон ҳәа аҳәара шыҟамлогьы, ҳара иҳаман аидеиа, ҳагьацәхьаҵуамызт.

Иахьа, сара сынхоит Ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы. Еиӷьу насыԥс иҟоузеи? Уи ҳара ҳаиԥхыӡуан, аха, иабашәцәызӡари, иахьатәи акоррупциа амҽхакқәа, алеишәадара сыҭра сыҭдырҟьоит. Зны-зынла исҳәалоит "еҳ, иабаҟоу сара с-Совет Еидгыла" ҳәа? Иахьа ҳаҳҭнықалақь саналсуа, досу ихы иахьҭашәо ахыбрақәа аниргыло, атротуарқәа ззырҳәо нмыжькәа зегь бизнес философиала ихҟьаны ианызбо, схы сазҵаауеит СССР ахаан абас аҟаҵара азин змадаз ҳәа? Урҭқәа рыдагьы, иахьа аҳәынҭқарра ауаҩы исоциалтә зҵаарақәа рынагӡара уамак хшыҩзышьҭра анаҭом, иахьа капитализмуп иҿио. Сара сгәанала, даара игәымбылџьбароу системоуп, еиҳаракгьы асоветтә система иалиааз адкылара ҳцәыуадаҩуп. Сара Асовет Еидгыла иааӡаз исзышьҭымхӡеит ари асистема ҿыц. Убри аҟынтә, еснагь игәхьаазгоит сызлиааз аамҭа.

Усҟан Асовет Еидгыла иаҵанакуаз атәылақәа рахь ҳанныҟәоз, ҳаҩны ҳаҟазшәа ҳбон. СССР ахаан иҟаз амыҟәмабарақәа шырацәазгьы, зегь акоуп, сара иансызҳауазтәи аамҭа даара ишьахәыз аамаҭан. Уажәгьы ԥхыӡ избалоит Аҟәа Гәыма ҳәа изышьҭоу аҭыԥ аҿы адәыӷба аангыларҭа. Сҵараҟынтәи аҩныҟа саныхынҳәуаз, адәыӷба сааҭыҵны снанылон усҟан Ленин ихьӡ зхыз амҩаду. Ҳара ҳаҳтнықалақь цқьашәқьаӡа иҟан, инеиааиуаз ауаа рацәан.
© Sputnik / из архива Элеоноры КогониаЕлеонора Коӷониаԥҳа
Элеонора Когониа в советские годы - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2022
Елеонора Коӷониаԥҳа
Ҳәарада, иахьеиԥш адәқьанқәа рҿы амода иацназго амаҭәақәа рацәамызт, аха иҟан аӡахырҭақәа. Ацәҩыча умазар, иҿоуҵар алшон, аӡәгьы ишәымыз амаҭәа шьахә уоур ауан. Иахьа уадаҩраны иаҳԥыло абызшәа азҵаатәы акәзар, усҟангьы иқәгылан, аха ақыҭақәа рыԥсы ахьҭаз иабзоураны, иахьеиԥш ишәарҭамызт. Усҟан ақыҭаҟынтә ақалақь ахь зегь еибарыҩны ицар асистемагьы иауамызт. Ақыҭаҿы ауаҩы ихы ныҟәигаратәы аҭагылазаашьа аԥҵан. Атранспорт акәзар, уажәы-уажәы ииасуан.
Ҳашьҭахьҟа инҳажьуа 2022 ашықәс СССР 100 шықәса ахыҵра иашықәсын, уи аамҭа иалиааз лаҳасабала, акыр ихьаазгоит еилаҳаз уи аҳәынҭқарра. Иаахтны исҳәозар, истәым дунеик санушәа снеиааиуеит, исзышьҭымкааӡеит акапитализм асистема….
© Sputnik / из архива Элеоноры КогониаЕлеонора Коӷониаԥҳа
Элеонора Когониа в советские годы - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2022
Елеонора Коӷониаԥҳа
Иахьатәи санҵамҭа ашколхәыҷқәа ирыҩлоз аиҭаҳәаҩра аҟазшьа амазаргьы, сара сыԥсҭазаара ашьақәгылараҿы анырра ҟазҵаз аҳәынҭқарра еснагь исгәалашәоит, иагьхьаазгоит исаҩсхьоу аамҭақәа.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0