https://sputnik-abkhazia.info/20230102/asny-zhlar-rartist-ashaa-toto-aapua-isazaraa-dalit-1043456584.html
Аԥсны Жәлар рартист, ашәаҳәаҩ Тото Аџьапуа иԥсҭазараа далҵит
Аԥсны Жәлар рартист, ашәаҳәаҩ Тото Аџьапуа иԥсҭазараа далҵит
Sputnik Аҧсны
Тото Аџьапуа 600 ԥҵамҭақәа инареиҳаны дравторын. 02.01.2023, Sputnik Аҧсны
2023-01-02T16:26+0300
2023-01-02T16:26+0300
2023-01-02T16:26+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102693/22/1026932265_0:0:3072:1728_1920x0_80_0_0_4191ee94d0da5b5d60de20445bd04b81.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 2 - Sputnik. Аԥсны Жәлар рартист, СССР акомпозиторцәа Рхеилак алахәыла, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Аибашьра анысымҩа" апремиа алауреат, Леон иорден, "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Тото Аџьапуа иԥсҭазаара далҵит, абри атәы аанацҳауеит акультура аминистрра.Тото Аџьапуа диит хәажәкыра 23 1939 шықәсазы Очамчыра араион Отаԥ ақыҭан. Иара 22 шықәса дшырҭагылаз дҭалоит амузыкатә ҵараиурҭа."Сыбжьы заҳаз иаразнак срыдыркылеит, аха анотақәа захьӡыз сыздыруамызт. Авокал азы сырҵаҩы, абырзен Ианис Токмакидис уамакала Аԥсни аԥсуа жәлар рмузыкеи бзиа иибон, иара хышықәса аҵара сирҵон. Уи ашьҭахь ауп Қарҭтәи аконсерваториа сҭалоит ҳәа санцаз", - ҳәа еиҭеиҳәон Тото Аџьапуа.1977 шықәсазы далгеит Қарттәи аконсерваториа акомпозиторра аҟәша. Уа аҵара аниҵоз аԥсуа бызшәа рҵаҩыс Қарҭтәи атеатртә институт аҟны аус иуан.Қарттәи аконсерваториа далганы Аԥсныҟа даныхынҳә, Аԥсуа аҳәынҭфилармониаҟны ахкынагӡаҩыси, Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭаҟны рҵаҩыси аус иуан.Сара сзааӡаз санду лоуп раԥхьатәи скомпозициа ззыскызгьы. Борис Гәыргәлиа авторс дызмаз "Иарҳәала ачамгур" (Играй ачамгур) иалхын ҳәа еиҭеиҳәон Тото Аџьапуа. Акомпозитор иаԥҵамҭақәа реиҳарак агәаҟреи афырхаҵареи ирызкуп, аха имоуп абзиабаратә ԥҵамҭақәагьы, иаҳҳәап, "Мрамза".Тото Аџьапуа иаԥҵамҭақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп акантатақәа "Аԥсуа ҭыӡ Ду", "Абрыскьыл", "Ефрем Ешба", "Уарбану", ахореографиатә сиуита "Нарҭаа", афлеитеи афортепианои рзы асоната, афортепиано азы авариациақәа ааба, "Аԥсуа литургиатә шәаҳәара", акантатақәа "Ҷлоу", "Отаԥ", "Уарбану", "Аԥсадгьыл азхәыцра", асимфониатә оркестр азы "Аԥсуа лафтә".
https://sputnik-abkhazia.info/20160622/1018810355.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102693/22/1026932265_256:0:2987:2048_1920x0_80_0_0_005b352bb6c3613de11706d0e99fc834.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акультура
Аԥсны Жәлар рартист, ашәаҳәаҩ Тото Аџьапуа иԥсҭазараа далҵит
Тото Аџьапуа 600 ԥҵамҭақәа инареиҳаны дравторын.
АҞӘА, ажьырныҳәа 2 - Sputnik. Аԥсны Жәлар рартист, СССР акомпозиторцәа Рхеилак алахәыла, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Аибашьра анысымҩа" апремиа алауреат, Леон иорден, "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Тото Аџьапуа иԥсҭазаара далҵит, абри атәы аанацҳауеит акультура аминистрра.
Иара 84 шықәса дырҭагылан.
Тото Аџьапуа диит хәажәкыра 23 1939 шықәсазы Очамчыра араион Отаԥ ақыҭан. Иара 22 шықәса дшырҭагылаз дҭалоит амузыкатә ҵараиурҭа.
"Сыбжьы заҳаз иаразнак срыдыркылеит, аха анотақәа захьӡыз сыздыруамызт. Авокал азы сырҵаҩы, абырзен Ианис Токмакидис уамакала Аԥсни аԥсуа жәлар рмузыкеи бзиа иибон, иара хышықәса аҵара сирҵон. Уи ашьҭахь ауп Қарҭтәи аконсерваториа сҭалоит ҳәа санцаз", - ҳәа еиҭеиҳәон Тото Аџьапуа.
1977 шықәсазы далгеит Қарттәи аконсерваториа акомпозиторра аҟәша. Уа аҵара аниҵоз аԥсуа бызшәа рҵаҩыс Қарҭтәи атеатртә институт аҟны аус иуан.
Қарттәи аконсерваториа далганы Аԥсныҟа даныхынҳә, Аԥсуа аҳәынҭфилармониаҟны ахкынагӡаҩыси, Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭаҟны рҵаҩыси аус иуан.
Сара сзааӡаз санду лоуп раԥхьатәи скомпозициа ззыскызгьы. Борис Гәыргәлиа авторс дызмаз "Иарҳәала ачамгур" (Играй ачамгур) иалхын ҳәа еиҭеиҳәон Тото Аџьапуа. Акомпозитор иаԥҵамҭақәа реиҳарак агәаҟреи афырхаҵареи ирызкуп, аха имоуп абзиабаратә ԥҵамҭақәагьы, иаҳҳәап, "Мрамза".
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахәра ӷәӷәа анаҭеит Тото Аџьапуа иҭаацәа, аибашьраҿы иҭахеит иашьеи, иԥеи. Аибашьра аамҭа иалагӡаны акомпозитор иаԥиҵаз ашәақәа иреиуоуп " Аԥсуа уахьыҟазаалакгьы", "Горец", "Ҳаҳәшьцәа", "Имҩасуам".
Тото Аџьапуа иаԥҵамҭақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп акантатақәа "Аԥсуа ҭыӡ Ду", "Абрыскьыл", "Ефрем Ешба", "Уарбану", ахореографиатә сиуита "Нарҭаа", афлеитеи афортепианои рзы асоната, афортепиано азы авариациақәа ааба, "Аԥсуа литургиатә шәаҳәара", акантатақәа "Ҷлоу", "Отаԥ", "Уарбану", "Аԥсадгьыл азхәыцра", асимфониатә оркестр азы "Аԥсуа лафтә".