Тото Аџьапуа —СССР акомпозиторцәа Реидгыла алахәыла, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Апремиа "Летопись войны" алауреат, Леон иорден занашьоу, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу, еицырдыруа композиторуп.
– Шәара Аԥсны шәеицырдыруеит. Композиторк иҳасабала шәышԥашьақәгылеи?
– Схәыҷаахыс ашәа сҳәон. Аҭаацәараҟны зегь шәаҳәацәан, икәашацәан. Саб иакәзаргьы ибзиаӡаны дкәашон. Ансамбль "Нарҭаа" далахәылан. 120 шықәса ихыҵуан иԥсҭазаара даналҵуаз. 105 шықәса дрықәын ансамбль далахәны "Ахьтәы павлин" Аԥсныҟа ианааргаз. Сан ачамгәыри агитареи алырҳәон. Ибзиаӡаны ашәагьы лҳәон.
Схәыҷраамҭа бзианы исгәалашәоит. Ашколтә ансамбль аҟны скәашон. Еимаада-еимсыда сшьацәхыртәуа асцена санаақәлалозгьы ыҟан.
22 шықәса анысхыҵуаз, сҭалоит Амузыкатә ҵараиурҭа. Сыбжьы заҳаз иаразнакы срыдыркылеит, аха анотақәа захьӡыз сыздырамызт. Авокал азы сырҵаҩы, абырзен Ианис Токмакидис, хышықәса аҵара сирҵон. Насоуп Қарҭтәи аконсерваториа сҭалоит ҳәа санцаз. Афортепиано аҟны ахәмарра аҭахын. Уи сара исыздырамызт, исымбацызт, исмаҳацызт. Сара сҭаҷкәым раҵәаны авокалтә ҟәшаҟны аҵара сҵарцоуп сзааз, аха сахьаԥсыуоу сахшәырҟьар шәҭахуп ҳәа сықәгылеит. Даргьы сашәаҳәашьа ианазыӡырыҩ, срыдыркылеит аҵарахьы.
– Акомпозитор изанааҭ шԥашәоуи?
– Сара аконсерваториаҿы акомпозитортә ҟәшаҿы аҵара сҵон, аԥсуа бызшәа арҵаҩыс Қарҭтәи атеатртә институт аҟны аус зуан. Қарҭ саанрыжьыр рҭахын, аха изымуит. Ҳәарада арҵаҩцәа бзиақәагьы сыман, аха иҟан еснагь ҳҭоурых еилазхәозгьы.
– Изызкызи раԥхьатәи шәкомпозициа? Ишԥаии?
– Сара сзааӡаз санду даара бзиа дызбон. Ла лоуп раԥхьатәи скомпозициа ззыскызгьы. Борис Гәыргәлиа авторс дызмаз "Иарҳәала ачамгур" (Играй ачамгур) иалхын.
Сырҿиамҭақәа реиҳарак ҳкопелла инанагӡоит. Исымоуп асовет усзуҩ ду Ефрем Ешба изку акантата, Абрыскьыл изку акантата. Акантата "Уарбану" (Кто ты?) азы сара исаҭәашьахеит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа. Раԥхьатәи ҳхада Владислав Арӡынба иԥсҭазаара даналҵ аҽныҵәҟьа ажәеинраала зҩит, жәамш рышьҭахь агимн зҩит.
– Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра шәыԥсҭазаараҿ ахәра ӷәӷәа аннаҵеит. Шәырҿиара ишԥаныԥши?
– Ҳҭаацәараҟынтә жәҩык абатальон "Горец" иалахәын. Аибашьраан исыцәҭахеит сашьеи сԥеи. Сара исымоуп "Горец" иазку агимн. Иара убасгьы изҩит ашәа "Аҭоуба". Сыԥшәмаԥҳәыс илҩит ашәа "Последний бой", ҳаҷкәын изылкыз. Уи ҳара Ахбҩук ашьхаҟны еизыргаз ҳаибашьцәа рыԥсыбаҩқәа ҳархагыланы инаҳагӡеит. Урҭ ашәала егьи адунеи ахь имҩаԥаагеит. Аибашьраан сыԥҳәыс урысшәала ажәеинраалақәа лыҩуан. Урҭ зегьы сара амузыка рзызҩит. Урҭ ашәақәа ҳәо акәын ҳарԥарцәа жәылара ишцоз. Сара рҿиаҩык иаҳасабала абџьар скымзар акәын, аха сыԥсадгьыл ашәарҭа ишҭагылаз анызба сымхысыр ауамызт. 33 рҟынӡа ашәа зҩит аҭабиақәа рҿы.
– Амузыка, ажәеинраалақәа шәзырыҩуазеи? Агәаҳәара шәызцәырызгои?
– Агәырӷьара ду ма агәырҩа ду. Акомпозитор ииҩыз инырны иҩуазароуп. Аибашьраангьы избоз акәын изыҩуаз. Ус утәаны акы ануҩуа ибзиахаргьы ҟалоит аха аԥсы ахалаӡом. Иахьа уажәраанӡагьы аибашьра атема сзацәхьаҵуам. Сазыхынҳәуеит аамҭа-аамҭала. Иҟоуп минуҭқәак рыла изҩыз ашәақәагьы.
– Композиторк иаҳасабала ҳаамҭазтәи акомпозициақәа шԥажәбо?
– Цәгьа сҳәар сҭахым, аха шәақәак аԥсыуа ашәақәаӡам ртекст аԥсыуазаргьы. Абызшәа ззымдыруагьы ианырыҩу ыҟоуп.
– Аԥсуа бызшәа узымдыруа аԥсуа музыка аҩра залшом?
– Дмитри Шведов аԥсуа бызшәа издырамызт, аха иҩит раԥхьатәи аԥсуа опера. Аха уи иҩырц азы анхацәа дырҭааны, аԥсуа бызшәаҵәҟьа дазыӡырыҩуан. Акультура ҭиҵаауан. Ус акәымкәа иԥшӡоу амузыка амацара аҩра хықәкны имазар, уи аԥсуа операхомызт. Сҩымҭақәа афонограмма анырзыҟарҵо амузыкантцәа срыдтәаланы аус рыцызуеит.
– Иарбан рҿиамҭақәоу еиҳа бзиа ижәбо?
– Ирацәоуп. Зегьы ирылыскаауеит абатальон "Горец" иазку агимн. Иара убасгьы ашәа "Пою тебе, Абхазия". Аибашьра иазку: "Память", "Последний бой". Иааидкыланы урҭ 500 рҟынӡа ыҟоуп.