https://sputnik-abkhazia.info/20230104/aourykh-ay-zysha-nzyzhyz-gennadi-gagylia-75-shysa-ikhyuazaaryn-1043477573.html
Аҭоурых аҿы зышьҭа нзыжьыз: Геннади Гагәылиа 75 шықәса ихыҵуазаарын
Аҭоурых аҿы зышьҭа нзыжьыз: Геннади Гагәылиа 75 шықәса ихыҵуазаарын
Sputnik Аҧсны
Аԥсны аԥыза-министрс иҟаз Геннади Гагәылиа иԥсҭазаара далҵит цәыббра 8 2018 шықәсазы амҩатә машәыр иахҟьаны. 04.01.2023, Sputnik Аҧсны
2023-01-04T18:00+0300
2023-01-04T18:00+0300
2023-01-04T18:34+0300
аԥсны
аԥсны аԥыза-министр геннади гагәылиа иҭахара
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102496/59/1024965942_0:0:1501:844_1920x0_80_0_0_84ead5bb30592f9f5ab3575baf88f18a.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 4 - Sputnik. Аԥсуа политик, хынтәны Аԥсны аԥыза-министрс иҟаз Геннади Гагәылиа диит ажьырныҳәа 4 1948 шықәсазы, иахьа иара 75 шықәса ихыҵуазаарын.Геннади Гагәылиа акыр аамҭа аус ицзухьаз, аамҭак азы Ахәаахәҭра- ааглыхратә палата ахада ихаҭыԥуаҩыс иҟаз Адгәыр Лышәба Sputnik иаиҭахьаз аинтервиуқәа руак аҟны игәалаиршәеит апалата аиҿкаара шыҟалаз, иусура дшазыҟаз."2002 шықәсазы Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амамызт адунеи аҟны, аполитикатә, аекономикатә ҭагылазаашьа даара иуадаҩын. Геннади Леонид-иԥа убас азиӡбеит - аекономика аизҳаразы, аҿиаразы егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рахь анеиразы, уи ҳӡырнагоит, ҳцәырнагоит ҳәа Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аԥҵазарц. Усҟан Владислав Григори-иԥа Арӡынбеи иареи ари азҵааразы еилацәажәеит, иаԥҵан Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата. Иара ихшыҩ, идыррала еиликаауан Аԥсны ажәлар, аекономика ирыхәоз. Зны-зынла абри заҭахи ҳәа уазхәыцуан. "Лҵшәас иаиуои ҳәа?" санҵаауаз "Умццакын, абри шьаҿа-шьаҿала мышкызны абзиара ҳазцәырнагоит", - ҳәа шаҟантә исеиҳәахьаз, ус иагьыҟалон. Ԥхьаҟахәыцра иман. Аиҭанеиаарақәа, ацәыргақәҵақәа, аӡыргарақәа есышықәса еизҳауан иара ибзоурала", - иҳәеит Лышәба.Акыр шықəса раахыс аҳəынҭқарратə маҵзураҿы аус ицзухьаз, аиҩызара бзиа зыбжьаз, Геннади Гагəылиа иҟазшьа бзиақəа пату рықəызҵоз, Аҧсны Жəлар Реизара еиҳабыс акыр шықəса аус зухьо Нугзар Ашəба излаиҳəо ала, Геннади Леонид-иԥеи иареи еибадыруеижьҭеи уажəшьҭа акрааҵуеит, Риҵа аус аниуаз инаркны. Аиҩызарагьы, апатуеиқəҵарагьы рыбжьан."Иара ҟазшьак иман, ибжьы мырдуӡакəа, алҵшəа бзиа змаз аусқəа рыҟаҵара бзиа ибон. Сара хəбаҟа шықəса ҵуеит аҳəынҭқарратə усқəа шьҭасҵеижьҭеи, 90-тəи ашықəсқəа инадыркны ҳаицын, ҳус еибыҭан. Џьара акы мҩаҧигоума, сара ак ҟасҵоума, ҳаицəажəон, ҳаицхыраауан", - ҳəа азгəеиҭоит Ашəба.Аԥсуа Ҳәынҭқарратә драматә театр актиор Кьасоу Ҳагба Геннади Гагәылиа иуаҩышьеи иҟазшьеи дрылацәажәеит.Цәыббра 8 2018 шықәсазы амҩатә машәыр иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит Аԥсны аԥыза-министрс иҟаз Геннади Гагәылиа. Амашәыр ҟалеит Мысра азааигәара. Аиҳабыратә кортеж Шәачатәи аҳаирбаӷәаза аҟынтәи Аҟәаҟа амҩа иқәын. Аԥснытәи аделегациа Шәамтәылатәи-Арабтә республикаҟны усутә ныҟәарала иҟан. Аԥыза-министр дызҭатәаз амашьынеи даҽа машьынаки еиҿасит. Геннади Гагәылиа анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Лыхны.
https://sputnik-abkhazia.info/20190908/sus-iaskasas-sasha-nagas-gennadi-gagulia-iyisza-rgualasharachi-1024968295.html
https://sputnik-abkhazia.info/20180910/hagba-gennadi-gagulia-ikaizas-segi-eizchakni-agama-aman-1024965558.html
https://sputnik-abkhazia.info/20180910/ashba-gennadi-gagulia-ibshi-mirdudsakuan-alzsha-bsia-smas-auskua-rikazara-bsia-ibon-1024962621.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102496/59/1024965942_42:0:1375:1000_1920x0_80_0_0_e924633eca8ed508c269f2a926976aff.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны аԥыза-министр геннади гагәылиа иҭахара, ажәабжьқәа
аԥсны аԥыза-министр геннади гагәылиа иҭахара, ажәабжьқәа
Аҭоурых аҿы зышьҭа нзыжьыз: Геннади Гагәылиа 75 шықәса ихыҵуазаарын
18:00 04.01.2023 (ирҿыцуп: 18:34 04.01.2023) Аԥсны аԥыза-министрс иҟаз Геннади Гагәылиа иԥсҭазаара далҵит цәыббра 8 2018 шықәсазы амҩатә машәыр иахҟьаны.
АҞӘА, ажьырныҳәа 4 - Sputnik. Аԥсуа политик, хынтәны Аԥсны аԥыза-министрс иҟаз Геннади Гагәылиа диит ажьырныҳәа 4 1948 шықәсазы, иахьа иара 75 шықәса ихыҵуазаарын.
Геннади Гагәылиа акыр аамҭа аус ицзухьаз, аамҭак азы Ахәаахәҭра- ааглыхратә палата ахада ихаҭыԥуаҩыс иҟаз Адгәыр Лышәба Sputnik иаиҭахьаз аинтервиуқәа руак аҟны игәалаиршәеит апалата аиҿкаара шыҟалаз, иусура дшазыҟаз.
"2002 шықәсазы Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амамызт адунеи аҟны, аполитикатә, аекономикатә ҭагылазаашьа даара иуадаҩын. Геннади Леонид-иԥа убас азиӡбеит - аекономика аизҳаразы, аҿиаразы егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рахь анеиразы, уи ҳӡырнагоит, ҳцәырнагоит ҳәа Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аԥҵазарц. Усҟан Владислав Григори-иԥа Арӡынбеи иареи ари азҵааразы еилацәажәеит, иаԥҵан Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата. Иара ихшыҩ, идыррала еиликаауан Аԥсны ажәлар, аекономика ирыхәоз. Зны-зынла абри заҭахи ҳәа уазхәыцуан. "Лҵшәас иаиуои ҳәа?" санҵаауаз "Умццакын, абри шьаҿа-шьаҿала мышкызны абзиара ҳазцәырнагоит", - ҳәа шаҟантә исеиҳәахьаз, ус иагьыҟалон. Ԥхьаҟахәыцра иман. Аиҭанеиаарақәа, ацәыргақәҵақәа, аӡыргарақәа есышықәса еизҳауан иара ибзоурала", - иҳәеит Лышәба.
Акыр шықəса раахыс аҳəынҭқарратə маҵзураҿы аус ицзухьаз, аиҩызара бзиа зыбжьаз, Геннади Гагəылиа иҟазшьа бзиақəа пату рықəызҵоз, Аҧсны Жəлар Реизара еиҳабыс акыр шықəса аус зухьо Нугзар Ашəба излаиҳəо ала, Геннади Леонид-иԥеи иареи еибадыруеижьҭеи уажəшьҭа акрааҵуеит, Риҵа аус аниуаз инаркны. Аиҩызарагьы, апатуеиқəҵарагьы рыбжьан.
"Иара ҟазшьак иман, ибжьы мырдуӡакəа, алҵшəа бзиа змаз аусқəа рыҟаҵара бзиа ибон. Сара хəбаҟа шықəса ҵуеит аҳəынҭқарратə усқəа шьҭасҵеижьҭеи, 90-тəи ашықəсқəа инадыркны ҳаицын, ҳус еибыҭан. Џьара акы мҩаҧигоума, сара ак ҟасҵоума, ҳаицəажəон, ҳаицхыраауан", - ҳəа азгəеиҭоит Ашəба.
Аԥсуа Ҳәынҭқарратә драматә театр актиор Кьасоу Ҳагба Геннади Гагәылиа иуаҩышьеи иҟазшьеи дрылацәажәеит.
"Гена алеишәа иман. Уи алеишәа адырра ацын, аҟәышра ацын, аусҵәҟьа аҟаҵара ацын. Ани алеишәа амацара ианыҟоу- уи ӷьатамахжәароуп. Аԥара иазымӡбо, атомтә бомба иазымӡбо уӡбар ҟалоит ауаҩы игәаҿы анеишьа уақәшәар. Гена уи шыҟаиҵоз иҟазҵоз дмаҷын. Геннади Леонид-иԥа Гагәылиа иԥсҭазара бзианы ихигеит- мцыда, жьарада, еиҵаҟәаҟәарада. Гена аџьабаагьы ибозар ҟаларын,, ихи-игәи еинааланы, зегьы еиҿбааны. Иакәымыз зҳәозгьы шԥаҟамыз, аха иаацәырганы аӷьеҩҳәа акы иҿакра уадаҩын, имчхара убри аҟара идуун", - иҳәеит Ҳагба.
Цәыббра 8 2018 шықәсазы амҩатә машәыр иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит Аԥсны аԥыза-министрс иҟаз Геннади Гагәылиа. Амашәыр ҟалеит Мысра азааигәара. Аиҳабыратә кортеж Шәачатәи аҳаирбаӷәаза аҟынтәи Аҟәаҟа амҩа иқәын. Аԥснытәи аделегациа Шәамтәылатәи-Арабтә республикаҟны усутә ныҟәарала иҟан. Аԥыза-министр дызҭатәаз амашьынеи даҽа машьынаки еиҿасит.
Геннади Гагәылиа анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Лыхны.