Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Хьыбла Гьерзмааԥҳа аԥсуа культура иреиӷьу ацҳаражәҳәаҩ ҳәа лзиҳәеит Аслан Бжьаниа

© Foto / hiblaНародная артистка Абхазии и России Хибла Герзмава
Народная артистка Абхазии и России Хибла Герзмава - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2023
Анапаҵаҩра
Аоператә шәаҳәаҩы, Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа лирамш азгәалҭуеит ажьырныҳәа 6 рзы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа лиирамш лыдеиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.

"Шәыԥсҭазааратә мҩа шьахә хаҭәаауп гәыкала акультура амаҵ азуразы. Иблахкыгоу шәашәаҳәареи, уамашәа иссиру шәыдраматә баҩхатәреи, шәгәыкыреи хадырҭәаауеит ауааи адунеии рахь ишәымоу агәаартреи аџьаус абзиабареи", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.

Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, артист лбаҩхатәра иарбан ҳәаазаалак, иарбан адунеи аконцерттә залзаалак амч шақәхо.
"Шәыԥсадгьыл аҟны имҩаԥыжәго афестивальқәеи, иарбан усмҩаԥгатәызаалак имҩаԥыжәго аԥсуа культуреи адунеитә культуреи рыбжьара ицҳаны ибжьалоит. Иашала шәаԥсоуп аԥсуа культура иреиӷьу ацҳаражәҳәаҩс аҟалара, Шәара ишәылшеит адунеи иқәынхо ауааԥсыра ргәаҵанӡа анеира", - ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа - Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка, иланашьоуп апремиақәа "Триумф", "Иреиӷьу аоператә шәаҳәаҩы" ахьыӡҳәаҟны "Casta Diva", илоуит амилаҭтә театр апремиа "Золотая маска" "Иреиӷьу аԥҳәыс лроль" азы, иара убас иланашьоуп "Золотой Орфей" "Иреиӷьу ашәаҳәаҩ" ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0