Путин аиашахаҵаҩцәа Иаса Қьырса Иира аныҳәа рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Павел Бедняков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин принял верительные грамоты у вновь прибывших послов иностранных государств
Президент РФ В. Путин принял верительные грамоты у вновь прибывших послов иностранных государств - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2023
Анапаҵаҩра
Қьырса ныҳәа ауха Владимир Путин Москватәи Кремль аҿы иҟоу Благовешьентәи ауахәамаҿы анцәаимҵаныҳәара далахәын.
АҞӘА, ажьырныҳәа 7 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аиашахаҵаратә дин иамҵаныҳәо Урыстәыла атәылауаа Иаса Қьырса Иира аныҳәа рыдиныҳәалеит. Адныҳәалара кьыԥхьуп Кремль аофициалтә саит аҟны.
"Зегь бзиа еицырбо аныҳәа лаша ауаа абзиарахь рхы архоит, ауаажәлар рыбжьара адоуҳамч арӷәӷәоит, арыцҳаибашьара, аибашаҭара, агәыҳалалра, ақьиара, аиашара рыланааӡоит", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Атәыла ахада иара убас иазгәеиҭеит Аурыс иашахаҵаратә уахәамеи егьырҭ Урыстәыла иҟоу ақьырсиантә конфессиақәеи ауаажәлар реидкылараҿы, аҭаацәара аинститут арӷәӷәараҿы, изызҳауа абиԥарақәа рааӡараҿы иҟарҵо алагала.
Убри ахыԥхьаӡараҿы иара инаҵшьны дазааҭгылеит Урыстәыла амилаҭқәеи адинқәеи рыбжьара аизыҟазаашьа бзиақәа рырӷәӷәараҿы ауахәамақәа иаадырԥшуа азҿлымҳара, иара убас Украина аоперациа ҷыда иалахәу урыстәылатәи аруаа ирзыҟарҵо адгылара.
Ажәабжьқәа зегьы
0