Урыстәылеи Беларуси Аҳәынҭқаррақәа реидгыла аҳәаақәа ирҭагӡаны амедиаеилахәыра аԥырҵоит

© Sputnik / POOL / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин встретился с президентом Белоруссии А. Лукашенко
Президент РФ В. Путин встретился с президентом Белоруссии А. Лукашенко - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.01.2023
Анапаҵаҩра
Белоруссиа ахада Александр Лукашенкеи Аҳәынҭқаррақәа реидгыла аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Дмитри Мезенцеви реиԥылара мҩаԥысит ашәахьа Минск.
АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Урыстәылеи Белоруссиеи рыбжьара Аҳәынҭқаррақәа реидгыла аҳәаақәа ирҭагӡаны амедиаеилахәыра аԥҵара хымԥадатәины иԥхьаӡоит Белоруссиа ахада Александр Лукашенко.

"Еицаҳзеиԥшу амедиаеилахәыра аԥҵара зны ҳалацәажәахьан. Сара еилыскаауеит, Белоруссиеи Урыстәылеи рыпресс-маҵзурақәа ари аус рыҽацәхьаркит шәара шәымацара ари азҵаара шәахәаԥшырц азы акәу (ас еиԥш иҟоу азҵаарақәа аӡәы имацара иӡбаӡом)", - ҳәа белоруссиатәи ахада иажәақәа еиҭанаҳәоит Белта амаҵзура.

Лукашенко иазгәеиҭеит еицырзеиԥшу амедиаеилахәыра аԥҵара - ари Урыстәылеи Белоруссиеи рхадацәа еицырыӡбо усуп ҳәа. Иаԥҵахо амедиаеилахәыра иахьатәи аамҭа иақәшәо, амчхара аманы иҟалароуп ҳәа иҳәеит иара.
"Ас еиԥш иҟамлар, баша аԥара наҳхит ауп иаанаго. Ҳара иаҳҭахуп зхала иҟоу иахьатәи аамҭа иақәшәо аилахәыра", - ҳәа иҳәеит Белоруссиа ахада.
Лукашенко ишазгәеиҭаз ала аилахәыра аԥҵахоит ҳазҭалаз ашықәс азбжазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0