Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ашықәс ҿыц раԥхьатәи амшқәа рзы Риҵа иаҭааит жәнызқьҩык инареиҳаны

© Sputnik / Томас Тхайцук Заснеженные пейзажи озера Рица
Заснеженные пейзажи озера Рица  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.01.2023
Анапаҵаҩра
Атуризм аминистрра адыррақәа рыла 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны абҵара 20-нӡа Аԥсны иаҭааит миллионки 150 нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра.
АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра жәнызқьҩык инареиҳаны иаҭааит ажьырныҳәа 1-10 рзы ҳәа иҳәеит апарк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
Амилаҭтә ҳәырԥсарра абиуџьет хаҭәаахеит фмиллион мааҭ инацны.
Багаҭелиа иажәақәа рыла, 2022 шықәса ажьырныҳәа 1-10 рзы апарк иаҭааз рхыԥхьаӡара 13 нызқьҩык ыҟан. Иара иҳәеит сынтәа уи аҩыза алҵшәақәа ҟамлар ҟалап ҳәа.
Афонҿыцтәи аҳаԥы акәзар, ажьырныҳәа 1-9 рзы иаҭааит 6395-ҩык, абиуџьет хаҭәаахеит 4,476 млн мааҭ рыла.
Аҳаԥы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Дамеи Смыр ишазгәеиҭаз ала ҵыԥхтәи ашықәса азы ажьырныҳәа 1 инаркны 11-нӡа аҳаԥы иҭалеит 9442-ҩык, абиуџьет иҭалеит 4,721 млн мааҭ.
Адлеиба Отаԥтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рзы: арахь иаауа аҳаԥы бзиа избаҵәҟьо иоуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.01.2023
Арадио
Адлеиба Отаԥтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рзы: арахь иаауа аҳаԥы бзиа избаҵәҟьо иоуп
Ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа раан Отаԥтәи аҳаԥы иаҭааз рхыԥхьаӡара 200-ҩык рҟынӡа инаӡоит ҳәа иҳәеит аҳаԥы аиҳабы Асҭамыр Адлеиба.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит, атуристцәа шаауа Урыстәыла акәакьқәа зегь рҟынтәи, Уралнтәи, Ахара Мрагыларантәи. Дара Отаԥтәи аҳаԥы аӡбахә аинтернет ма рҩызцәа рҟынтәи ираҳауеит ҳәа иҳәеит Адлеиба.
2022 шықәсазы ажьырныҳәа 1 инаркны абҵара 20-нӡа Аԥсны иаҭааит миллионки 150 нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра.
Ареспубликаҟны ашәҟәы иҭагалоуп 788 ргылара - 39 нызқьи 323 иара-ҭыԥ ыҟоуп, 112 ргылара аиурист хаҿқәа иртәуп, 543 - ахазхаҭалатәи анаплакҩцәа, 133 - хаҭалатәи.
Ажәабжьқәа зегьы
0